Книазев: аҟыбаҩ аус адулатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукУрытәыла жәлар рартист Евгени Книазев
Урытәыла жәлар рартист Евгени Книазев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урытәыла жәлар рартист Евгени Книазев, Аурыс драматә театр адиректор Иракли Хынҭәба дицны Sputnik Аԥсны дсасны даҭан.

АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Роберт Џьапуа. Аԥсуа студентцәа егьырҭ астудентцәа акалагьы иреиӷьым акалагьы иреицәам, иҳәеит ҳкорреспондент аинтервиу иҭо атеатртә институт аректор Евгени Книазев.

"Астудентцәа аҵара дырҵатәуп, ирыдцалалатәуп. Изакәи аҟыбаҩ? Аҟыбаҩ аԥсабара иунаҭаз ауп, уани уаби иурҭаз ауп. Аҟыбаҩ рҿиалатәуп. Узҿу аус аҟны егьырҭ урылыркаауа уҟалартә еиԥш аус улатәуп", — иҳәоит жәлар рартист Евгени Книазев.

Аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хынҭәба иазгәеиҭеит Шьчукин ихьӡ зху атеатртә институт адунеи аҟны аҩаӡара ҳаракы шамоу. Иара иазгәеиҭеит аԥсуа студентцәа алҵшәақәа аарышьҭуа ишалагахьоу.

"Ҳастудентцәа Аԥсны рықәгыларақәа раан иубартә иҟан рыҩаӡара. Агәра згоит аҵара бзианы ирҵар, рырҵаҩцәа ирҳәо ҟарҵалар ԥеиԥш бзиа роуп ҳәа", — иҳәоит Хынҭәба.

Аҩаша, нанҳәа 9 рзы Урыстәыла жәлар рартист Евгени Книазев аԥсуа студентцәа рҵареи рпроблемақәеи Аԥсны аспектакль "Аҳ Едип" ақәыргылара алыршареи ртәы далацәажәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба даниԥылоз.

Ажәабжьқәа зегьы
0