Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа рҵаратә процесс мҩаԥыслоит аҟазартә школ ахыбраҟны

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа рҵаратә процесс мҩаԥыслоит аҟазартә школ ахыбраҟны
Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа рҵаратә процесс мҩаԥыслоит аҟазартә школ ахыбраҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи аԥсуа школ №1 аҵаҩцәа рҵаратә процесс ҩышықәса ирылагӡаны имҩаԥыслоит аҟазаратә школ ахыбраҟны.

ГАГРА, нанҳәамза 11 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара аинвестпрограмма инақәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы, Гагратәи аԥсуа школ, шьаҭанкыла аргылара иадҳәалоу аусурақәа нап дыркхоит. Акапиталтә усурақәа ҩышықәса инарзынаԥшуа имҩаԥыслоит.

Ари аамҭа иалагӡаны, аԥсуа школ аҵаҩцәеи арҵаҩратә еилазаареи ииагахоит аҟазаратә школ ахыбрахь.

Станиславскии Немирович-Данченкои ртеатр амузыкантцәа ҿарацәа. - Sputnik Аҧсны
Амузыкантцәа ҿарацәа Пицунда иқәгылеит

Гагра араион Ахадара иҟарҵаз афинанстә цхыраарала, иахьа, Гагратәи аҟазаратә школ аҟны акапиталтә ремонттә усурақәа мҩаԥысуеит. Актәии ахԥатәии аихагылақәа рҟны, шьаҭанкыла иԥсаххоит адашьма, афымцатәи аӡымҩангагатәи цәаҳәақәа, ириашахоит аҭыӡқәа, иҿарҵоит ашәқәеи аԥенџьырқәеи. Аҩбатәи аихагылаҟны, Аԥсны Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа иаалырԥшхьаз агәыҳалалратә цхыраара иабзоураны, акабинеҭқәа жәпакы рҿы аремонт мҩаԥыргахьан аҟынтә, араҟа хәҭа-хәҭала аусурақәа мҩаԥысуеит.

Гагратәи аҟазаратә школ аҿы имҩаԥысуа акапиталтә-ремонттә усурақәа ҷыдала хылаԥшра риҭоит араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

"Гагратәи аԥсуа школ №1 аҭагылазаашьа акырӡа иуашәшәыруп, убри аҟнытә, аинвестпрограмма инақәыршәаны, хара имгакәа нап аркхоит иара аԥыргареи, уи аҭыԥан аҿыц аргылареи. Ҳазгәаҭарақәа рыла, ашкол шьаҭанкыла аргылара ҩышықәса инарзынаԥшуа иадхалоит. Уи аамҭа иалагӡаны, ҳаԥсуа хәыҷқәа рҵаратә процесс мҩаԥыслоит аҟазаратә школ ахыбраҟны. Иахьа ҳара ҳамчала, араҟа акапиталтә-ремонттә усурақәа мҩаԥысуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

Иара убас аҭагылазаашьа ихы иархәаны, Заур Бганба иҭабуп ҳәа реиҳәеит, арҭ акапиталтә усурақәа рымҩаԥгараҿы араион аҟны абизнес знапы алаку ауааԥсыра гәыԥҩык иҟарҵаз ацхырааразы. Насгьы, Аԥсны Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа аџьшьара лиҭеит, Гагратәи аҟазаратә школ ахь изныкымкәа иаалырԥшхьоу агәыҳалалратә цхырааразы.

Гагратәи аҟазаратә школ аҩбатәии ахԥатәии аихагылақәа рҟны имҩаԥысуа акапиталтә-ремонттә усурақәа хырқәшахоит аҵара шықәс ҿыц аламҭалаз, актәи аихагылаҟны жьҭаарамзазы.

Аҵара шықәс ҿыц азы, ари ашкол аҟны ирзыԥшуп 362-ҩык аԥсуа хәыҷқәа.

"Гагратәи аԥсуа школ аҭаацәа аҳәара шәысҭоит, шәыхшара ирзалҳԥшааз ашкол иавжәымгарц. Араҟа дара ирзаԥаҳҵоит аҭахрақәа зегьы. Шәааи ҳаивагыланы еиқәҳархап ҳаԥсуа школи ҳхатәы бызшәеи. Агәра шәсыргоит ҩышықәса рышьҭахь шәхәыҷқәа ииажәгарц шшәылшо, аамҭа иашьашәало аҭахрақәа зегьы рыла еибыҭахоу аԥсуа школ ҿыц ахь", — аҭаацәа рахь ихы нарханы иҳәеит араион Ахада.

Иазгәаҭатәуп, абжьаратәии аҟазаратәии школқәа аӡәи-аӡәи русура ԥырхага шрырымҭало. Аҟазаратә школ аҟны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит аурокқәа рышьҭахь. Арахь иныҟәо ахәыҷқәа ракәзаргьы, урҭ реиҳараҩык аԥсуа школ аҵаҩцәа роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0