Асанкциақәа ирыҵаркуа афатәаалыҵқәа 2017 шықәсанӡа иқәырхлоит

© Управление Россельхознадзора по Белгородской области / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсанкциақәа ирыҵаркуа афатәаалыҵқәа 2017 шықәсанӡа иқәырхлоит
Асанкциақәа ирыҵаркуа афатәаалыҵқәа 2017 шықәсанӡа иқәырхлоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асанкциақәа ирыҵаркуеит: акәац, аҭоубар, аԥсыӡ, ауҭраҭых, ашәыр, ахшаалыҵ.

АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik. 2017 шықәса рҟынӡа Урыстәылатәи Афедерациахь иаларгало, асанкциақәа ирыҵаркуа аалыҵқәа ықәыргалоит. Абри азы ақәҵара кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә портал аҟны.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара шьҭыххоит

2014 шықәса нанҳәамзазы Урыстәыла Украина аҭагылазаашьа инадҳәаланы асанкциақәа алазгалаз атәылақәа рҟынтәи афатәаалыҵ иара аҵакырахь рҭагалара аркьаҿит. Арахь иаҵанакит акәац, аҭоубар, аԥсыӡ, ауҭраҭых, ашәыр, ахшаалыҵ.

2015 шықәса рашәарамзазы асанкциақәа рыҿҳәара иахьацырҵаз инамаданы аҭакс аркьаҿрақәа раамҭа иацнаҵеит, ҳазну ашықәс азы – 2017 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа иацнаҵеит. Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра аԥхьаӡарақәа рыла абарҭ аамҭақәа ирылагӡаны Евроеидгыла, ЕАШ (США), Канада, Норвегиа, Австралиа 8,6 миллиард доллар рцәыӡит асанкциақәа ирыхҟьаны.

Урыстәыла Ахада идҵала аембарго иаҵаку аалыҵ ақәгара аус ауеит 2015 шықәса нанҳәа 6 раахыс. Абарҭ аамҭақәа рыла 7,3 нызқь тонна аҵиаалыҵи 228,6 тонна ахши акәаци раалыҵи ықәган.

Ажәабжьқәа зегьы
0