АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. ИнгурГЕС асистема аҭагылазаашьа уадаҩ амоуп, акыр иуашәшәыроуп. Ҳаԥхьаҟа иҵегь иуадаҩхар алшоит. Иалшоит зынӡа фымцалашарада ҳаанхаргьы, иҳәеит нанҳәа 12 рзы имҩаԥысыз аусутә еилацәажәараҟны Аԥсны Аекономика аминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Арӡынба.
"Афымцамч ахархәара еизҳауеит. Иахьҳауа ҳәа иҟоу ИнгурГЕС аҟынтә мацароуп. Иахьазы ИнгурГЕС асистема аҭагылазаашьа уадаҩ амоуп, акыр иуашәшәыроуп. Ҳаԥхьаҟа иҵегь иуадаҩхар алшоит. Иалшоит зынӡа фымцалашарада ҳаанхаргьы. Еилкаалатәуп афымцасистема ҳаҭырла ҳазымнеир шамуа", — иҳәеит Арӡынба.
Афымцамч ахархәара еизҳаит, арахь ахәԥса ашәара акыр ишьҭахоуп иҳәеит аусутә еиԥылараан имҩаԥгаз аилацәажәараҟны аминистр инапынҵақәа назыгӡо.
"Ауааԥсыра ирдыруазароуп ҳтарифқәа акыр ишылаҟәу. Иаҳҳәап Шәача 3,70 копеи иаԥсазар, ҳара ҳҟны 40 капеи роуп изыԥсоу. Ҳара ҳгәы иҭам атарифқәа реизырҳара. Иҟаҳҵаз, 20 кВт инеиҳаны зхы иазырхәо рзы атарифқәа 85 капеи рахь ииаагеит", — иҳәеит иара.
Ашәарақәа ракәзар 56 % рҟынӡоуп иахьыҟоу. Ари иунарбоит ауааԥсыра афымцамч ахәԥса шырымшәо.
"Атәыла Ахада инапынҵала аус адулан "20 шықәса рыҩныҵҟа еизаз ахараԥса амнистиа азуразы" азакәан апроект. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит урҭ аԥарақәа шҳазмырхынҳәуа. Азакәан апроект акәзар атәыла Ахада Иусбарҭаҟны аус адулара иаҿуп, иаарласны Апарламент ахь инашьҭхоит. Ҳтәылауаа еилыркаауазароуп атарифқәа акыр ишылаҟәу, аԥареизгара акәзар нап адаҳкылараны ҳшыҟоу", — иҳәеит Арӡынба.
Аилацәажәараан ҷыдала иазхьаԥшын афымцамч ахархәараан 20 кВт инеиҳаны зхы иазырхәо ахатәхаҿқәа рзы атарификациа аԥсахра азнеишьа азҵаарагьы.