00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Такие обстоятельства
14:45
15 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Агазеҭ "Гал" ҭыҵуеижьҭеи 30 шықәса ҵит
18:15
14 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
25 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Sputnik Аԥсны Telegram-канал иахыҵит шықәсык
18:20
14 мин
Хра злоу ахҭысқәа
On air
18:33
11 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
On air
18:49
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәаҭан Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукХатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәарҭеит Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәарҭеит Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәылԥаз аҟны идырбан аибашьраантәи акадырқәа, асцена иқәыҩуан ажәеинраалақәеи ашәақәеи.

АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азгәарҭеит Аҟәа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аҟны ашәахьа, нанҳәа 15 рзы.

Ахәылԥаз алагамҭаз атәыла Ахада ихьӡала дықәгылеит Владимир Занҭариа.

"Ари ахҭыс аҵак ду амоуп. Иара иаанарԥшуеит ҳаидгылара, ҳакзаара. Аԥсны аҭоурых адаҟьақәа жәпакы рыдҳәалоуп хатәгәаԥхарала иааны иҳавагылаз. Урҭ рыхьӡқәеи рыжәлақәеи хьтәы нбанла иануп Ҳџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых ашәҟәы", — иҳәеит Занҭариа.

Ахәылԥаз аҟны идырбан аибашьраантәи акадырқәа, асцена иқәыҩуан аибашьраани уи ашьҭахьи ирҩыз аибашьра иазку ажәеинраалақәеи ашәақәеи.

"Ҳәарада ҳара ҳаԥсадгьыл ҳахьчон. Аха ҳашьцәа ҳшәывагылоит ҳәа ианааи амҵәыжәҩақәа ҳауит. Аиашьа ицхыраара ахәшьара уадаҩуп. Ҳара агәра аагеит ҳхала ҳшыҟамыз", — лҳәоит амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа.

Ирацәаҩуп абри амш аҽны Аԥсныҟа иаауа хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа.

"Аибашьра ҟалеит ҳәа шҳаҳазҵәҟьа арахь ҳдәықәлеит. Нанҳәа 16 рзы Аԥсны ҳаҟан. Аԥсуа жәлар ҳрыцхраауеит ҳәа ҳааит. Иахьагьы иаҭаххар ҳаивагылоит. Ҳара есышықәса Аԥсныҟа ҳаауеит", — иҳәоит Ҟабарда-Балкариантәи аибашьҩы Артур Алоев.

© Sputnik / Томас ТхайцукМероприятие ко дню добровольца в музее боевой славы
Мероприятие ко дню добровольца в музее боевой славы - Sputnik Аҧсны
Мероприятие ко дню добровольца в музее боевой славы

Еизаз иара убасгьы идырбан Владислав Арӡынба иқәгыларақәа. Ауснагӡатә еиҿыркааит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара аҳәынҭқарратә музеи аҟны акультура аминистрра адгыларала.

1992-1993 шш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқь инарыцны хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ иаԥсахеит. 247-ҩык Леон иорден ранашьоуп. 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал рыҭоуп. Аԥсны ахақәиҭра рхы ақәырҵеит 260-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0