Шамил Аӡынба имаҵура аанижьит

Шамил Аӡынба
Шамил Аӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шамил Аӡынба арзаҳал иҩит имаҵура ааныжьразы.

АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Шамил Аӡынба арзаҳал иҩит имаҵура ааныжьразы. Абри атәы иара иеиҳәеит ҳкорреспондентт.

"Иҟаҳҵоз аҟны исзеилымкааз, исыдсымкыллаз рацәоуп. Схазы исыӡбеит ԥхьаҟа аусура иацсымҵарц. Атәыла Ахадеи сареи ҳаицәажәеит. Сеиликааит. Уаҩҵас ҳаиԥырҵит. Иҟасҵаз иаанагом Аԥыза-министр Беслан Барцыц икандидатура сыдсымкылеит ҳәа",  - иҳәеит Аӡынба.

Шамил Аӡынба иазгәеиҭеит абызшәазы азакәан анамыгӡареи акадыртә политика амҩаԥысшьеи иҟаиҵаз анырра арҭеит ҳәа.

Шамил Аӡынба атәыла аполитикатә ԥсҭазаара ԥхьаҟагьы ихы алаирхәыр шалшо иҳәеит.

"Ҽааны Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа ҟалоит. Иҟалоит урҭ схы рыласырхәыр. Аполитикатә планқәа иахьазы ирхианы исымоуп сҳәом, аха макьаназ аамҭа ыҟоуп", — иҳәеит Аӡынба.

Шамил Аӡынба Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан 2014 шықәса, жьҭаарамзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0