Аиеродиакон атәылауаҩра имырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукАфон ҿыцтәи ауахәама.
Афон ҿыцтәи ауахәама. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауахәама аусзуҩ урыстәылатәи атәылауаҩра аниоуаз иӡеит қырҭтәылатәи атәылауаҩра шимаз.

АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik. Агәаҭарақәа раан иаарԥшхеит Аԥсны Иԥшьоу Аметрополиа аиеродиакон Давид Сарсаниа урыстәылатәи атәылауаҩра аниоуаз қырҭтәылатәи атәылауаҩра шимаз шиӡаз. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Шәача ақалақь апрокурор ихаҭыԥуаҩ Алексеи Мелодиев.

Иара иажәақәа рыла Давид Сарсаниа атәылауаҩра аиуразы адокументқәа аиҭеит 2004 шықәса рзы. Урҭ рҟны иарбан иара Аԥсны атәылауаҩра мацара имоушәа.

Агәаҭарақәа раан иаарԥшхеит Аԥсны Иԥшьоу Аметрополиа аиеродиакон Давид Сарсаниа урыстәылатәи атәылауаҩра аниоуаз қырҭтәылатәи атәылауаҩра шимаз шиӡаз.

Убри инадҳәаланы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны уаанӡа ирыдкылаз аӡбра аԥырхит ҳәа азгәеиҭоит Мелодиев.

Ажәабжьқәа зегьы
0