Дмитри Кәартаа "Нефтехимик" ахь диасит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ашьапылампылтә команда ажәылаҩ Дмитри Кәартаа
Аԥсны ашьапылампылтә команда ажәылаҩ Дмитри Кәартаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьапылампылтә команда ажәылаҩ Дмитри Кәартаа Владивостоктәи аклуб "Луч-Енергия" ааныжьны еревантәи "Алашкерт" ахь диасит 2016 шықәса рзы.

АҞӘА, нанҳәа 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ашьапылампылтә команда ажәылаҩ Дмитри Кәартаа Владивостоктәи аклуб "Луч-Енергия" ааныжьны еревантәи "Алашкерт" ахь диасит 2016 шықәса рзы. Уажәы иара аилаӡара аанкыланы диасит Нижнекаменсктәи ашьапылампылтә клуб "Нефтехимик" ахь.

"Ермантәыла зегь сгәаԥхон, аха ахатәы ҭагылазаашьақәа инарыдҳәаланы исыӡбеит "Нефтехимик" ахь сиасырц. Сара сзы ус еиҳа иманшәалоуп", — иҳәеит Кәартаа.

"Алашкерт" аиҳабыра ракәзар уи еилкаарала иазнеиит, иоушьҭра даарак ишырҭахымызгьы.

Дмитри Кәартаа иазгәеиҭеит уажәазы иара аҽазыҟаҵарақәа дшырҿу. Аклуб ҿыц аҟны иаԥу аҭагылазаашьа игәаԥхоит. Ибоит ишимоу алшара ахаарԥшразы, аилазаара хада далашәарц азы. Аилаӡара шықәсык ҳәа анапы аҵаҩуп.

Дмитри Кәартаа диит абҵара 17 1990 шықәса рзы Гагра ақалақь аҟны. Аклуб "Баикал" (Иркутск) аҟынтәи владивостоктәи "Луч-Енергия" ашҟа диасит 2015 шықәса рзы. Имҩаԥигеит ахәмаррақәа 26, ампылқәа 2 ҭаиршәит. 2016 шықәса рзы ConIFA ачемпионат аан Аԥсны еизгоу акоманда далахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0