Лазба: апроект "Ухәмаруа уаиааи" ахықәкы хада нагӡахеит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ухәмаруа уаиааи" аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциа
Ухәмаруа уаиааи аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амультимедиатә хаб Sputnik Аԥсны аҿы апроект "Ухәмаруа уаиааи" аихшьаалақәа ирызкыз апресс-конференциа мҩаԥган.

АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Рада Ажьиԥҳа. Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс маҵзураҟны имҩаԥган апроект "Ухәмаруа уаиааи" аихшьаала. Апроект рызкуп Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат ConIFA 2016 аҟны аиааира згаз Аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа. 

Sputnik апроект ҿыц Ухәмаруа уаиааи. - Sputnik Аҧсны
Sputnik апроект ҿыц "Ухәмаруа уаиааи" Аԥснытәи амҩадуқәа рҟны

"Ари апресс маҵзураҟны зегь реиҳа игәахәароуп, аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа аиааира анырга иҳауз ацәаныррақәа даҽазныкгьы иахьаҳгәалашәо, иахьҳныро. Афинал аҟны иумбарц залшомызт Аԥснытәи акомандеи дара рзгәыбылҩцәеи аӡәыкны ишыҟаз. Фазиль Искандер иажәақәа рыла иуҳәозар, амилаҭ маҷ ирылшоит ахәмарраҿгьы, ахымҩаԥгараҿгьы акультура ду аарԥшра, убас иҟалеит ҳара ҳҿгьы. Апроект "Ухәмаруа уаиааи" убарҭ афактқәа ирхылҿиааит. Апроект ахықәкы хадақәа ируакуп ашьапылампыласыҩцәа ажәлар ирдырырци, аспорт ахь агәыбылра рызцәырҵырц, аспорт иазхьаԥшырц", — ҳәа иҳәеит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Инал Лазба.

Лазба иазгәеиҭеит апроект шымҩаԥгаз ҩ-хәҭакны. Раԥхьатәи ахәҭаҟны аилазаара Аҟәафон ацхыраара арҭеит, аҩбатәи Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ахаҭарнакцәа.

"Аԥсны ашьапылампыл азы еизго акоманда ашьапылампыласыҩцәа амилаҭтә форма рышәны рфотосахьақәа зну абаннерқәа Аԥснытәи амҩадуқәа рҟны икыдырҵеит, аилазаара Аҟәафон афинанстә цхыраарала арҭеит. Ашьҭахь, ашьапылампыласыҩцәа зегьы рнапынҵамҭақәа зныз ашәҵатәы аҭыжьраз Жәларбжьаратәи афонд "Аԥсны" ацхыраара ҟанаҵеит. Урҭ иахьа ашьапылампыласыҩцәа иранаҳшьоит. Иҭабуп, ари апроект аҿы иҳавагылаз зегьы", — ҳәа ациҵеит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукПобедители розыгрыша футболок.
Победители розыгрыша футболок. - Sputnik Аҧсны
Победители розыгрыша футболок.

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс маҵзураҟны имҩаԥгаз апроект "Ухәмаруа уаиааи" аихшьаалатә апресс-конференциа ахырқәшамҭаз ашьапылампыласыҩцәеи, ажурналистцәеи, асоциалтә даҟьа instagram аҟны ирылаҳәаз аконкурс аҟны аиааира згаз Диана Габелиеи Аида Христикани иранашьан ашьапылампыласыҩцәа зегьы рнапынҵамҭақәа зныз ашәҵатәы.

Лаҵарамза 28 инаркны рашәарамза 5 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥысуан ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат ConIFA аверсиала. Атурнир иалахәын 12 команда. Афиналтә хәмарраан Аԥснытәи акоманда аиааира агеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0