Гагра Нарҭаа рашҭаҟны аӡыршә ашьақәыргылара иаҿуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра Нарҭаа рашҭаҟны аӡыршә ашьақәыргылара иаҿуп
Гагра Нарҭаа рашҭаҟны аӡыршә ашьақәыргылара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра ақалақь Нарҭаа рашҭаҟны архитектуратә баҟа - аӡыршә ашьақәыргылара иаҿуп.

ГАГРА, нанҳәамза 18 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Бжьышықәса раахыс хәҭа-хәҭала, Нарҭаа рашҭаҟны иҟоу аӡыршә аиҭашьақәыргыларазы, рхатәы мчла аусурақәа мҩаԥыргоит аҭыԥантәи анхацәа.

"Ашҭа аҩахыс иалагоит Жоекәаратәи аиҩхаа. Уи абжьаларҭаҿы инхо аҿар еснагь ҳгәы иҵхон, аҭоурыхтә баҟақәа иреиуоу, аамҭала ари ашҭа зырԥшӡоз аӡыршә аиҭашьақәыргылара. Бжьышықәса раԥхьа, ҳара ҳҽазаҳшәеит ҳхатәы мчла, хәҭа-хәҭала аиҿкаара. Раԥхьаӡа ишьҭаҳҵеит аӡымҩангагатә цәаҳәақәа, иҳаԥсахит афымцатәқәа. Убас есышықәса хәыҷы-хәыҷла, ҳамч зықәхоз ҟаҳҵон. Иахьазы, аусурақәа ахырқәшарахь инеиуеит", — ҳәа азгәеиҭеит аҭыԥантәи анхаҩы Дмитри Кәакәасқьыр.

Аҿар раԥшьгара ианакәузаалак адгылара аман Гагра араион ахадараҟынтә. Дара аӡыршә аӡы аунажьларц иалырԥшааит аӡхагаларҭа, иара убас аӡыршә иаҿыкәыршаны ишьақәыргылоу атәарҭақәеи, агәамсамеизгарҭа маҷқәеи, алашарбагақәеи.

Гагратәи аҭоурыхтә ӡыршә аиҿкаара нап аркыуп - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аҭоурыхтә ӡыршә аиҿкаара нап аркуп

"Иахьа, ҩаԥхьа ҳхатәы мчла аӡыршә агәҭа игылоу абаҟа арыцқьара ҳаҿуп. Инхаз аҩнуҵҟеи адәахьи ашьыхра ауп. Араион анапхгара ацхыраара ҳарҭар, уигьы ҳалҳаршон. Арҭ аусурақәа ҳнапалоуп изыҟаҳҵо, аусуцәа адҳаԥхьалаӡом", — иҳәеит Дмитри Кәакәасқьыр.

Нарҭаа рашҭа – ари аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи зҭаауа ҭыԥуп. Уи уавымскәа узбжьалом Жоекәаратәи аиҩхаа. Авара иҟоу "Акомсомолтә" парк аҟынтә ухалозар, ашҭа уҭамлар залшом.

Уажәшьҭарнахыс, уеизгьы зегьы бзиа еицырбо аҭыԥ еиҳа аҭааҩцәа аиуоит.

Аҭыԥантәи аҿар ракәзар, дара рҿырԥштәы ԥыҭҩык ықәныҟәар архитектруратә баҟақәа акырӡа рҭеиҭԥш еиӷьхон, еиқәхон, ҳтәыла ахаҿрагьы дырԥшӡон.

Ажәабжьқәа зегьы
0