ГАГРА, нанҳәамза 12 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Нанҳәамза раԥхьатәи амшқәа инадыркны, Гагра араион Ахадара анапынҵала нап аркуп, Аколоннада аҿаԥхьа ишьақәыргылоу аҭоурыхтә ӡыршә аиҿкаара.
"Араҟа иԥсаххоит акоммуникациатә цәаҳәақәа, аӡыршә аҩнуҵҟеи адәахьи иакәыршахоит ахаҳә ҟьаԥс, анаҩс еиқәыршәахоит лашарбагала, аӡыҭгага шьақәыргыланы иоушьҭхоит аӡы. Ари аҭыԥ есыҽны иаҭаауеит ақалақьуаа реиԥш асасцәагьы, еиҳараӡак аԥхынразы. Убри аҟынтә, Гагра араион Ахадара иазырыӡбеит, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аӡыршә аиҿкаара", — иҳәеит аусурақәа мҩаԥызго амунициапалтә унитартә еилакы "Еизаку аремонттә диспетчертә маҵзура" аиҳабы Робисҭан Габлиа.
Аусуцәа ҽынла ахаҳә ҟьаԥс рызкыдҵаӡом, аҷабга ӡыҭуеит азы убри инамаданы, аӡыршә аиҭашьақәыргыларатә усурақәа уахынлагьы имҩаԥысуеит.
Амшқәа бзиахар, аӡыршә ҳазҭоу амза нҵәаанӡа еиҿкаахоит.
Иазгәаҭатәуп, Аколоннада аҿаԥхьа аиҿкааратә усурақәа шцогьы, уи иаҭаауа рхыԥхьаӡара шмаҷым.