Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра

© Фото : Саида ЖьиԥҳаАрзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра
Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа, Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра.

ГАГРА, нанҳәамза 22 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Нанҳәамза 22 инаркны 25 –нӡа Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәаҟны имҩаԥыслоит, Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба ихьӡынҩылоу, есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир.

Уи иалахәуп Москвеи, Перми, Владивостоки, Краснодари, Шәачеи, Адлери, Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Пицундеи, Гагреи рҟнытә 40-ҩык аспортсменцәа қәыԥшцәа.

Атурнир аарта аофициалтә церемониа иалахәын, Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба иан Гәыли Кьычба, Аԥсны Абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки, Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациеи, Гагра араион Ахадареи рхаҭарнакцәа.

Арзамеҭ Ҭарба иан Гәыли Кьычба, ари аспорттә еицлабра лгәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшуп. Избанзар, лыҷкәынгьы аамҭала аԥкьаҭ дасуан, алҵшәа бзиақәагьы ааирԥшуан. Аспорт азҟаза акандидат ҳәагьы ахьӡ иман.

"Ари атурнир Гагра иахьымҩаԥысуа сара сзы аҵак ду амоуп. Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, сыҷкәынцәа аҩыџьагьы Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәын. Сԥа ихьӡ атурнир иадҳәаланы иахьырҳәогьы сара сзы игәадуроуп. Иҭабуп дахьышәхамшҭуа. Иалахәу ахьыбҿар шәакәзар – ҳазшаз шәирманшәалааит, аспорт анаҩсгьы аиааира дуқәа шәзыԥшызааит", — лҳәеит аибашьҩы иан.

Арзамеҭ Ҭарба ихьӡынҩылоу атурнир ахыԥхьаӡалоуп, Урыстәылатәи аԥкьаҭ асратә тур, уаҟа иарбахоит аԥхьахәқәа аанызкыло аспортсменцәа қәыԥшцәа рылҵшәақәа.

"Сара агәра шәсыргоит, ари атурнир аҩаӡара ҳаракы аманы ишымҩаԥысуа, уи ҷыдала ҳҽазыҟаҳҵеит. Ҳара еснагь зҿлымҳара аҳҭоит Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәа рыхьӡ анаунагӡатәра иазку аусмҩаԥгатәқәа. Арзамеҭ ҬарбаАԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡан. 2014 шықәсазы Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-аԥша апарк аҟны анышә иамадоу аибашьцәа рхаҭара анышьақәдыргылоз, еилкаахеит Арзамеҭгьы уа дышрылаз. Иара иеиԥш иҟоу Афырхацәа ирыбзоурахеит иҳауз аҭынч ԥсҭазаара", — ҳәа ҳаилиркааит Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа Ахада Ҭамаз Абӷаџьаа.

40-ҩык аԥкьаҭ асцәа рахьтә, 15-ҩык Аԥснытәи аспортсменцәа роуп. Аҟәатәии, Гәдоуҭатәии, Пицундатәии, Гагратәии аԥкьаҭ асратә школқәа рааӡамҭацәагьы, аспециалистцәа разгәаҭарақәа рыла, Урыстәылантәи иааз рҩызцәа иаарыҵамхо иҟоуп. Дара есааира, ари аспорт хкы аҟны ахԥша бзиа дырҳауеит.

© Фото : Саида ЖьиԥҳаАрзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра
Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра

Атурнир алахәцәа, иара убас дрыдныҳәалеит Абҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар.

"Ҳаҭыр зқәу аспортсменцәа қәыԥшцәа! Шәара изныкымкәа шәалахәуп, Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку атурнир. Убри аҟынтә агәра згоит, ари аибашьҩы гәымшәа дшышәхамшҭуа. Усҟан ҳҵеицәа иаадырԥшыз агәымшәареи агәаӷьреи ирыбзоуроуп, шәареи ҳареи абас еиԥш иахьатәи амш ҳаигәырӷьо ҳахьыҟоу. Зегьы ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиарақәеи аманшәалареи", — иҳәеит Рафаель Амԥар.

Атурнир анхырқәшахалак ишәеилҳаркаауеит аԥхьахәқәа згаз рыхьӡқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0