Сынтәа експериментк аҳасабала Аӡҩыбжьа иаадрыхит акырпыжә еиуеиԥшым асорҭқәа, иҩажьугьы ыҟоуп, иҳәеит агроном хада Иури Бороненко.
Акырпыжәқәа раарыхра иазку аҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра
"Асорт даара ибзиоуп. Иҳамоуп аголландиатә селекциа иаҵанакуа асортқәагьы. Ашьынкақәагьы еиуеиԥшым ахкқәа ааҳрыхит. Еиӷьу еицәоу алаҳхуеит. Ҳагхақәа ҳаԥхьаҟа иҳарҽеиуеит", — иҳәоит Бороненко.
Агроном иазгәеиҭоит аӡҩыбжьатәи акырпыжәқәа раарыхраан ахимиа маҷӡаны рхы ишадырхәо.
"Напыла еиҭаҳҳаит, иаҳрашәеит. Зекологиа цқьоу аалыҵ ҳаур ҳҭахын. Ахимиа маҷӡаны ҳхы иаҳархәеит", — иҳәоит агроном.
Иҟалоу иҟаламу убар ауеит аԥшшәала, ацәа акьакьарала, ахәҵәы аҭагылазаашьа ала.

1/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аԥсны уажәы дарбанызаалак еишәа иагым ахаара рацәа змоу акырпыжә. Абри аамҭазы Очамчыра араион Аӡҩыбжьа ақыҭан акырпыжә еизгара иасакьаҳәымҭоуп.

2/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
40 гектар рҟынтәи 200 тонна рҟынӡа аҽаҩра ҭаргалеит ҩымш ирылагӡаны.

3/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Еизыргоит ишыҟалаз еиԥш. Иҟалоу иҟаламу убар ауеит аԥшшәала, ацәа акьакьарала, ахәҵәы аҭагылазаашьа ала.

4/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Акырпыжәқәа рҿыхра даара иуадаҩуп. Аҵыхәа напыла амхра ҟалом, иахьамху аҭыԥ аҿы абаара иалагоит.

5/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ибзиоу акырпыжә алхра аҽаԥсахуам. Уанасуа абжьы цқьазароуп, аҵыхәа иаҵәазароуп, ганкахьала иҩажьу аԥштәы амазароуп.

6/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Акырпыжә акраамҭа акгьы амыхьырц азы, иалхтәуп џьаргьы ишьам, ишьҭаҵатәуп иахьылашьцоу иахьбоу ҭыԥк аҿы.

7/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
25-ҩык инареиҳаны аусуцәа ҳаман. Аҭыԥантәи ауааԥсырагьы аус руан.

8/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Зекологиа цқьоу аалыҵ ҳаур ҳҭахын. Ахимиа маҷӡаны ҳхы иаҳархәеит, иҳәеит Бороненко.

9/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Иааԥсаз аусуҩцәа абас ауп рыԥсы шыршьо.

10/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Акырпыжә аарыхра уадаҩуп. Ирацәоуп иацу ачымазарақәа, изфо ахәаҷа-маҷақәа.

11/11
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аӡҩыбжьа иаадрыхуеит голландиатә аселекциа иаҵанакуа асортқәагьы: бомба, холодок, кримсон свит, иара убас иҩажьу агәаӷь злам акырпыжәгьы.