Афон ҿыцтәи аҳаԥы аҭааҩцәа рацәаҩуп

© Sputnik Томас ТхайцукАфон ҿыцтәи аҳаԥы
Афон ҿыцтәи аҳаԥы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афон ҿыцтәи аҳаԥы 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны нанҳәа 20 рҟынӡа 135 миллион 692 нызқь мааҭ рыхә зыртәо 274 837 билет рҭиит.

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Афон ҿыцтәи аҳаԥы 2016 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны нанҳәа 20 рҟынӡа 135 миллион 692 нызқь мааҭ рыхә зыртәо 274 837 билет рҭиит.

Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Афон ҿыцтәи аҳаԥы адиректор ихаҭыԥуаҩ Мирон Чалмаз.

"Атуристтә сезон маншәалан имҩаԥысуеит. Атуристцәа рацәоуп. Сынтәазы иаҳҭааит 275 нызқьҩык рҟынӡа ауаа. Есышықәса еиҳа-еиҳа ауаа рхыԥхьаӡара рацәаҩхоит. Ахашәалақәагьы уи инадҳәаланы еиҳахоит", — иҳәеит Мирон Чалмаз.

Иара иажәақәа рыла ахашәалаҟынтәи аҳаԥы анапхгара аҩныҵҟатә усурақәа мҩаԥыргоит.

"Ахашәалаҟынтәи иаҳҭаху аппаратура ааҳхәоит. Аҳаԥы адиректорс Гиви Смыр даныҟала инаркны иҟаҵоу рацәоуп. Ирацәоуп аҳаԥы аекологиа ахьчаразы нап злаку. Уажәазы аҳаԥы аҩныҵҟа аусурақәа мҩаԥысуеит", — иҳәеит Чалмаз.

Асезон ианаамҭам азы иаҳзаауа атуристцәа рзы амаршрут ҷыдақәа аус рыдааулеит. Убас ала иалагалахоит аҳаԥы аҩныҵҟа аконцерттә зал аусура, иҳәеит адиректор ихаҭыԥуаҩ.

Мирон Чалмаз иажәақәа рыла иара убасгьы иазыԥхьагәаҭоуп административтә хыбра ацҵара, атуристцәа рыԥшырҭатә зал арҭбаара.

Аспелеолог Гиви Смыр Афон ҿыцтәи аҳаԥы ааиртит 1961 шықәса рзы. Аҭааҩцәа рзы иаартын 1975 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0