Аԥсны Ахада аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит

© Фото : Мадина АлиеваАԥсны Ахада аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит
Аԥсны Ахада аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 3-4 рзтәи ақәаршҩы иахҟьаны Алада Ешыра аӡы аҩаӡара акыр иҳаракхеит. Анхарҭа ҩнеихагыла иазааигәахеит уа инхо ауаа ашәарҭа иҭаргыло.

АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Нанҳәа 3-4 рзтәи ақәаршҩы иахҟьаны Алада Ешыра аӡиас Иадырҭа аҩаӡара акыр иҳаракхеит. Хәбаны иҟоу анхарҭа ҩнеихагыла иазааигәахеит уа инхо ауаа ашәарҭа иҭаргыло. Аԥсны Ахадеи Аԥыза-министри ахәшьара арҭеит аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа рымҩаԥысра. Абри атәы аҳәоит Ахада иофициалтә саит аҟны.

"Аԥсныҟәарахьчара" амчқәа рыла аӡышьҭра рыцқьоуп, иахәҭаны иҟоу аусурақәа мҩаԥгоуп, ҳәа азгәеиҭеит анаплакы адиректор Константин Ҭарба.

Акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Беслан Агрба иажәақәа рыла амшцәгьа аԥхасҭа знаҭаз аӡымҩангагагьы аремонт азыруеит. Уажәазы 800 метра аӡыцәаҳәақәа шьҭаҵоуп. Мышқәак рыла иаанхазгьы ԥсаххоит. Аԥшаӷьы ихнашәаз аҩнгьы ахыбра ҿыц ақәырҵоит.

Нанҳәа 3 — 4 рзы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны аӡиасқәа жәпакы хыҵит. Ареспублика амҩақәа акыр ҿнаӡәӡәааит. Ацентртә трассаҟны илеиз ахаҳә автомобилтә транспорт аныҟәара аруадаҩит. Ақалақьи араиони рҿы ауаа рыҩнқәа аӡқәа рыҩналеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0