АҞӘА, нанҳәа 23 — Sputnik. Фынтәны апаралимпиатә хәмаррақәа ирчемпиону Роман Петушков Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аспорттә арбитражтә ӡбарҭа урыстәылатәи апаралимпиатә спортсменцәа ргәыӷрақәа шҿахырҵәаз.
"Ажәак узҳәом. Ари уаҩрам. Мышкы акәзаргьы ахымхәацәа ркалиаска иантәалазшәа иҟандаз асеиԥш аӡбра здызкылаз", — иҳәеит иара.
Аспорттә арбитражтә ӡбарҭа (CAS) Урыстәыла Апаралимпиатә еилакы азыҳәа мап ацәнакит аспортсменцәа Рио-де-Жанеиро имҩаԥысраны иҟоу Аолимпиада ралахәразы.
Урыстәыла абри аҩыза аӡбра уаҩрам ҳәа иазырыԥхьаӡеит.