Арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит

© Sputnik / Геннадий Дубовой / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
11 000-ҩык аррамаҵзурауааи 2,2 000 арратә техникеи аџьаԥҳани (300 артиллериатә хысга, 200 ареактивтә мцамч асистемақәа, 400 миномиот, 100 атанкҿагыларатә хархәагақәа) алахәуп ауснагӡатә.

АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik. 11 000-ҩык аррамаҵзурауааи 2,2 000 арратә техникеи аџьаԥҳани (300 артиллериатә хысга, 200 ареактивтә мцамч асистемақәа, 400 миномиот, 100 атанкҿагыларатә хархәагақәа) алахәуп ауснагӡатә, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аладатәи арратә округ аҟны имҩаԥысраны иҟоуп аҽазыҟаҵарақәа. Аполигонқәа 18 рҟны мызкы аҩныҵҟала еиуеиԥшым арратә еилазаарақәа рзанааҭ аизырҳаразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп", ҳәа арбоуп адырраҟны.

Иазгәаҭоуп аҽазыҟаҵарақәа ишрылахәхо абасеиԥш иҟоу арратә техника: "Искандер-М", "Хоста", "Акация", "Гвоздика", "МСТА-С", "Мста-Б", "Град", "Торнадо-Г", "Ураган", "Берег", "Бастион", "Редут" уҳәа егьырҭгьы.

Аусмҩаԥгатә аҟны 11 000-ҩык аррамаҵзурауааи 2,2 000 арратә техникеи аџьаԥҳани (300 артиллериатә хысга, 200 ареактивтә мцамч асистемақәа, 400 миномиот, 100 атанкҿагыларатә хархәагақәа) алахәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0