Арзамеҭ Ҭарба ихьӡынҩылаз аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАрзамеҭ Ҭарба ихьӡынҩылаз аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп
Арзамеҭ Ҭарба ихьӡынҩылаз аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп Гагра.

ГАГРА, нанҳәамза 25 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара ахьӡала, Гагра имҩаԥысуаз есышықәсатәи жәларбжьаратәи аԥкьаҭ асратә турнир хырқәшоуп Гагра. Уи иалахәын 40-ҩык Аԥсни Урыстәылеи рҟынтә аа-шықәса зхыҵуа инаддыркны 17 шықәса налаҵаны изхыҵуа рҟынӡа ахьыбҿар. Урҭ рахьтә 21-ҩык иааныркылеит аԥхьахәтә ҭыԥқәа.

Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра - Sputnik Аҧсны
Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазку аԥкьаҭ асратә турнир мҩаԥысуеит Гагра

Аӡӷабцәа рыбжьара, аа-шықәсанӡа зхыҵуа ргәыԥ аҟны, актәи аҭыԥ даԥсахеит Адлертәи аԥкьаҭ асыҩ қәыԥш Елизавета Клочкова, аҩбатәи аҭыԥ — Гагратәи аҭыԥҳа Софиа Ажьиԥҳа, ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит Адлертәи аԥкьаҭ асыҩ Елизавета Рожкова.

Ари ақәратә гәыԥ аҟны, аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ даԥсахеит Шәачатәи аԥкьаҭ асыҩ Илиа Гетиа, аҩбатәи аҭыԥ — Гагратәи аспортсмен Александр Палануер, ахԥатәи аҭыԥ, ҩаԥхьа Гагратәи аспортсмен Дмитри Куковицки.

Жәышықәса инаддыркны жәашықәсанӡа зхыҵуа, аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ даԥсахеит Шәачатәи аҭыԥҳа Софиа Наливаико, аҩбатәи аҭыԥ Аҟәатәи аспортсмен Евелина Табариан, ахԥатәи аҭыԥ ҩаԥхьа Аҟәатәи аԥкьаҭ асыҩ Ева Манукиан.

Ари ақәратә гәыԥ аҟны, аҷкәынцәа рыбжьара, актәи аҭыԥ даԥсахеит Аҟәатәи аспортсмен Саиаҭ Муртазин, аҩбатәи аҭыԥ — Гагратәи аспортсмен Ерасҭ Агрба, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Адлертәи аԥкьаҭ асыҩ Савели Петров.

Жәаха шықәсанӡа зхыҵуа аҭыԥҳацәа рыбжьара, актәи аҭыԥ даԥсахеит Шәачатәи аспортсмен Алина Кузнецова, аҩбатәи аҭыԥ Аҟәатәи аҭыԥҳа Лаура Жьиба, ахԥатәи аҭыԥ — Адлертәи аспортсмен Валериа Холина.

Жәибжь шықәсанӡа зхыҵуа аҭыԥҳацәа рыбжьара, актәи аҭыԥ аанылкылеит Енгельс ақалақьынтә иааз аспортсмен Анастасиа Шаманскаиа, аҩбатәи аҭыԥ — Москватәи аԥҟьаҭ асыҩ Полина Петрова, ахԥатәи аҭыԥ — ҩаԥхьа Москватәи аспортсмен Анастасиа Таубинскаиа.

Ари ақәратә гәыԥ аҟны, аҷкәынцәа рыбжьара, актәи аҭыԥ ааникылеит Шәачатәи аԥҟьаҭ асыҩ Никита Блинов, аҩбатәи аҭыԥ — ҩаԥхьа Шәачатәи аспортсмен Едуард Цатуриан, ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит Толиаттинтәи иааз асас Егор Мансуров.

Аиааира згаз адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рыдыркылеит, атурнир ахырқәшара аофициалтә церемониа иалахәыз Арзамеҭ Ҭарба иан Гәыли Кьычба, Аԥсны Абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациеи Гагра араион Ахадареи рхаҭарнакцәа рҟынтә.

"Аԥхьахәқәа згаз зегьы гәык-ԥсыкала ирыдысныҳәалоит иаадырԥшыз алҵшәақәа. Иара убас, аџьшьара рысҭарц сҭахуп ԥхьаҟа ари аспорт хкы аҟны узмырԥхашьо, азыҟаҵара бзиеи агәаӷьреи змоу аԥсуа хәыҷқәа", — иҳәеит Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациа ахада Ҭамаз Абӷаџьаа.

Аԥхьахәқәа згаз аспортсменцәа иранашьан амедалқәеи, ахраҿақәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.

Арзамеҭ Ҭарба ихьӡынҩылоу атурнир ахыԥхьаӡалоуп, Урыстәылатәи аԥкьаҭ асратә тур, уаҟа иарбахоит аԥхьахәқәа аанызкыло аспортсменцәа қәыԥшцәа рылҵшәақәа.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз аԥкьаҭ асратә турнир
Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз аԥкьаҭ асратә турнир - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба игәалашәара иазкыз аԥкьаҭ асратә турнир

"Сынтәатәи атурнир аҟны аԥхьахәқәа згаз шәаԥхьаҟа иҵегь еиҳау аиааирақәа шәзыԥшыз. Маҷк изықәымҿиаз, шәгәы кашәмыжьын. Агәра ганы шәыҟаз, ихадароу аиааира акәым, алахәра ауп. Макьана шәаԥхьаҟа зегьы шьҭоуп", — ҳәа ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит аибашьҩы иан.

Атурнир еиҿкаан Аԥсны Абҩарҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны аԥкьаҭ асразы Афедерациеи рымчала.

Ажәабжьқәа зегьы
0