Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы ашьҭит

© Foto / предоставлено МИД РААԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
28-ҩык рҟынӡа ҭахеит Италиа аҭыԥ змаз адгьылҵысра иахҟьаны.

АҞӘА, нанҳәа 30 — Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы ашьҭит Италиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь, аҭыԥ змаз адгьылҵысра ӷәӷәа инадҳәаланы.

Абри атәы аанацҳауеит аминистрра аофициалтә саит аҟны.

"Гәалсра дула иҳадаҳкылеит аԥсабаратә рыцҳара ду аӡбахә. Иҟалеит ауааԥсыра рацәа рыԥсҭбара. Абгарақәа. Италиаз абарҭ иуадаҩӡоу амшқәа рзы иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ҳрыдашшылоит, зыԥсы еиқәхаз ирзеиӷьаҳшьоит иаарласны ршьапы иқәгыларц", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Магнитудала 6,0 инаӡоз адгьылҵысра ҟалеит нанҳәа 24 рзы Италиа. Лацио, Умбриа, Марке рҟны абгарақәа рацәоуп. Адгьылҵысра рныруан: Рим, Флоренциа, Болониа.

Ажәабжьқәа зегьы
0