Ҭырқәтәылатәи ар акәырдцәа ирҿагылоит

© Фото : Turkish Air ForceАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла ар ахаша ихацнаркит атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" иаҿагылан ақәгылара, ақалақь Джараблус аҟны.

АҞӘА, нанҳәа 30 — Sputnik. Ҭырқәтәыла аҳаирмчқәа рыри артиллериеи Шьамтәыла аҵакырадгьыл аҟны акәырдтә отриадқәа ааха рырҭеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Жәлар хыхьчаратә отриадқәа (YPG) иреихсит Шьамтәыла аҩадахьыҟа", ҳәа аанацҳауеит амаҵзура.

YPG аҽаланархәуеит шьамтәылатәи аимак. Ҭырқәтәыла ар ахаша ихацнаркит атеррористтә гәыԥ "Исламское государство" иаҿагылан ақәгылара, ақалақь Джараблус аҟны.

Шьамтәылатәи амчрақәа Ҭырқәтәыла иҟанаҵо иара асуверинитет еиланагоит ҳәа иашьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0