Ачартертә реисқәа хацыркхоит

© AFP 2023 / OZAN KOSEАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациеи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ачартертә реисқәа аанкылан абҵарамзазы аҭыԥ змаз аизыҟазаашьатә уадаҩрақәа рышьҭахь.

АҞӘА, нанҳәа 30 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациеи Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара иаанкылаз ачартертә реисқәа рхацыркразы Ақәҵара анапы аҵаҩуп. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аиҳабыра аофициалтә саит аҟны.

"Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадарақәа рымҩаԥгараан ихарҭәаау ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара адкылатәуп", ҳәа азгәаҭоуп адокумент аҟны.

Уи адагьы амҩангаҩцәа рнапы ианҵоуп урҭ ауснагӡатә цҵақәа рымҩаԥгара.

Урыстәыла Ахада Владимир Путин рашәарамза 30 рзы инапы аҵеиҩит Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа ҭышәынзыртәало адҵа. Уи инақәыршәаны иаԥыхын аркьаҿрақәа ҩба. Нанҳәа жәба рзы Владимир Путини Таиип Ердогани еиԥылеит. Аиԥылараан Урыстәыла Ахада иҳәеит ачартертә реисқәа реиҭахацыркра зыдҳәалоу "атехникоуп" ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0