Аҟәа ирацәоуп ашьаҵеимаа ахьырӡахуеи аремонт ахьазыруеи аҭыԥқәа. Уа аус зуагьы иазгәарҭоит рзанааҭ иахьа ахархәара маҷымкәа ишамоу. Урҭ ԥхынгьы ӡынгьы рус ԥкым.
Ирацәоуп зҟазарҭақәа аҩнеихагылақәа рыҵаҟа иҟазҵаз. Урҭ аҩнқәа рҟны инхо уи агәахәара рнаҭоит, избанзар аҩнқәа рподвалқәа еснагь ицқьоуп уи адагьы ианаарҭахха ршьаҵа налбааган аҟаза ирҭоит. Ашот Екшиан иҟазарҭаҿ ҳаннеиз аҭааҩ дизгылан, иааигаз ишьаҵа шыҟаҵатәу далацәажәо.
Ашотгьы изымдыруаз ак иаҳауазшәа дӡырыҩуан. Ҳәарада уҭааҩ ииҳәо, ииҭаху узеилымкаауа ариаҟара шықәса аусура залшомзар акәхап. Уи ус шакәу ааирԥшуан ҳара ҳҟазагьы.
Аибашьра ашьҭахь аҭиҩцәа арахь иаарго иалагеит зынҵыра маҷӡаз ашьаҵеимаа. Ибзиоу ашьаҵатәы аархәартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьрымамыз иахҟьаны ауаа уи аархәар ада ԥсыхәа рымамызт, ҳәа азгәеиҭоит Ашот.