Хабарда ибжьаӡыз зегь еилкаахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукХабарда ибжьаӡыз рбаҟа.
Хабарда ибжьаӡыз рбаҟа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хабарда ибжьаӡыз рымш аҽны Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны аус зуа акомиссиа ахада Роман Адлеиба иаҳзеиҭеиҳәеит имҩаԥырго аусурақәа ртәы.

АҞӘА, нанҳәа 31 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 133 –ҩык иахьагьы хабарда ибжьаӡыз рахь иаҵанакуеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҟны аус зуа акомиссиа ахада Роман Адлеиба.

"Аԥсуа ганахьала хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡан 170-ҩык. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык еилкааны рыԥсыбаҩқәа рҭаацәа ирыҭоуп. Сынтәатәи ҳаԥшаарақәа рҟны уаҩ дшьақәыргылам", — иҳәеит Адлеиба.

Уажәазы аексгумациа зазуу 43-ҩык рҟынтәи 23-ҩык шьақәыргылоуп, 20 ԥсыбаҩ алабораториаҿы иҟоуп.

Адлеиба ишиҳәаз ала аԥшаарақәа ауадаҩрақәа рыцуп.

"Аамҭа рацәаны ицахьеит. Аҭыԥқәа рҽырыԥсахуеит. Аинформациа ҳҳазҭогьы ирцәыуадаҩуп ажырҭақәа ахьыҟоу аҭыԥқәаҵәҟьа ҳарбара", — иҳәоит иара.

Хабарда ибжьаӡыз рзы акомиссиа изаамҭанытәиу аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп аԥсуа гани ақырҭуа гани алахәны, Жәларбжьаратәи аџьар ҟаԥшь абжьацәажәарала 2016шықәса ԥхынҷкәынмзазы.

Жәларбжьаратәи агуманитартә еиҿкаара Жәларбжьаратәи аџььар ҟаԥшь аилак, амандат аҳәаақәа ирҭагӡаны хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы хыраара ҟанаҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0