Аԥсны Ахада Ҟарачы-Черқьесск дыҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟа аартра ацеремониа даҭаауеит.

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит ишаанацҳауа ала нанҳәа 31 рзы излагаз аусутә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, Ҟарачы-Черқьесстәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы зхы ақәызҵаз аибашьцәа рбаҟа аартра ацеремониа даҭааит. Иара убасгьы авизит аан иазыԥхьагәаҭоуп ареспублика ахада Рашид Темрезов, хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз, абаза уаажәларратә еидгыла "Аԥсадгьыл" Ассоциациа алахәылацәа рԥылара. 

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаҟа аргылара шхымԥадатәыз.

"Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ҳара ҳаԥсҭазаарақәа ашеит: аибашьра ҟалаанӡеи аибашьра ашьҭахьи ҳәа. Аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы иҳавагыларц уахь инеиит Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәа. Урҭ аӡәы имазҵааит, аӡәы изхьамԥшит, ируалны иршьоз ҟарҵеит", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Иара дазааҭгылан дахцәажәеит 1992 шықәса нанҳәамзазы Нхыҵ Кавказынтәи ҳашьцәа цхыраара ашьхақәа ирхыҵны иааит ҳәа аинформациа анроу ауаа рцәаныррақәа зеиԥшраз, урҭ иахьагьы хашҭшьа рымамкәа ишыргәалашәо.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын ҩ-нызқьҩык инареиҳаны Урыстәылаа. Урҭ рҟынтәи 51-ҩык ирыхҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду,

247-ҩык иранашьоуп Леон иорден, 623-ҩык "Агәымшәараз" амедал ранашьоуп.

Рауль Ҳаџьымба иара убасгьы даҭаараны дыҟоуп Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика, дрылахәхараны дыҟоуп Ҟабарда-Балкариа аҳәынҭқарра 95-шықәса ахыҵра иадҳәалоу аныҳәатә уснагӡатәқәа. Иныҟәараан Рауль Ҳаџьымба дымҩаԥыргоит атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Шамбеи Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.

Ажәабжьқәа зегьы
0