Вахтанг Ԥиԥиа Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аилак ахантәаҩыс даҭоуп

© SputnikВахтанг Пипиа
Вахтанг Пипиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса нанҳәа 30 рзы Аԥсны Ахада инапы зҵеиҩыз Аусԥҟала Вахтанг Ԥиԥиа Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аилак ахантәаҩыс даҭоуп.

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц Аҳәынҭқарратә мазареи ахатәтәреи рзы аилак аилазаара дыдирдырит ахантәаҩ ҿыцс иҟаҵоу Вахтанг Ԥиԥиа. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара асаит.

Беслан Барцыц иазгәеиҭеит Вахтанг Ԥиԥиа иусуратә ԥышәа ду.

"Зегьы еицырдыруа акоуп аҳәынҭқарратә мазара арендла ишрыҭоу, урҭ аобиектқәа реиҳарак иахәҭаны иҟоу ахашәала шаарымго. Уаанӡатәи аилаӡарақәа зегьы аревизиа рҭахны иҟоуп", ҳәа азгәеиҭеит Аԥыза-министр.

Иара убасгьы дазааҭгылеит уаанӡатәи ахантәаҩы Константин Кациа идырра ҳаракқәа, иҭабуп ҳәа иеиҳәеит арҭ аамҭақәа рзы имҩаԥигаз аусуразы.

Вахтанг Ԥиԥиа диит жьҭаара 13 1960 шықәса рзы Тҟәарчал ақалақь аҟны. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи афронт атыл деиҳабын. 2005 шықәсазы Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрс дҟаҵан. 2011 шықәса хәажәкырамза инаркны цәыббрамзанӡа Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

Ажәабжьқәа зегьы
0