00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны ашколқәа рхыԥхьаӡара еиҵахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба
Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны имҩаԥысит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба дызлахәыз апресс-конференциа. Уаҟа ирылацәажәан аҵаратә система аҵарашықәс ҿыц ишазыхиоу азҵаарақәа ртәы.

АҞӘА, цәыббрамза 1 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аҵарашықәс ҿыц азы ареспубликаҟны иҟоу ашколқәа 159 рҟынтәи 156 ашколхәыҷқәа рыдкылара иазыхиоуп. Абри атәы иҳәеит аминистр Адгәыр Какоба.

"Ҳара иҳаман 159 ҳәынҭқарратә школ, аха сынтәа хԥа аҳаркит: Гәылрыԥшь араион аҿы, ақыҭақәа Арадуи Аҽгәареи рыҟны. Арадуи Аҽгәареи рҟынтәи ахәыҷқәа Мықәтәи ашкол ахь ииагоуп, урҭ рзы атранспорт еиҿкаатәуп.

Иахьазы 156 школ азыхиоуп ахәыҷқәа рыдкылара", — иҳәеит Какоба.

Аминистр иажәақәа рыла ашколқәа жәпакы акапиталтә ремонт рҭахны иҟоуп, аиҳаракгьы ақыҭа школқәа.

"Иҟоуп ахыбрақәа 30-40 шықәса аремонт зымбац. Агәра згоит урҭ зегьы рзы иахәҭоу аԥара аԥшаара алҳаршап ҳәа. Аремонт хымԥада изҭаху ашколқәа рсиа атәыла аиҳабыра ирзынашьҭуп. Урҭ 50 ыҟоуп. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху ашкол №1 аӡы аҵоуп, уаҟа аҟазаара шәарҭоуп. Ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит уаҟа аремонт 2017 шықәсанӡа иҟаҳҵап ҳәа", — иҳәоит аминистр.

Апресс-конференциаҟны амаҵзура Sputnik Аԥсны Аҵара аминистрра ианаҭеит дара иаԥырҵаз анбаншәҟәқәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны еихыршарц.

Аԥснытәи ашколқәа рҟны аҵара рҵоит 26 611-ҩык ахәыҷқәа

Аҵараҵара мҩаԥысуеит ԥшь-бызшәак рыла: аԥсшәа, аурысшәа, аерман бызшәа, ақырҭшәа. Аԥсуа школқәа— 60, аԥсуа-аурыс школқәа — 15, аурыс школқәа — 47, аерман школқәа — 26, ақырҭуа школқәа —11 ыҟоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0