Зықьҩыла ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа рахь изнеиуам

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны имҩаԥысит Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба дызлахәыз апресс-конференциа. Уаҟа ирылацәажәан аҵаратә система аҵарашықәс ҿыц ишазыхиоу азҵаарақәа ртәы.

АҞӘА, цәыббрамза 1 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Зықьҩык инареиҳаны Аԥснытәи ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа рахь рымҩа аркуп урҭ разымхара иахҟьаны, иҳәеит аминистр Адгәыр Какоба.

"Аԥсны иҟоу ахәыҷбаҳчақәа хыԥхьаӡарала 36 ыҟоуп. Аҭыԥқәа рзымхара ахьыҟоу Аҟәа араион аҟны адагьы Гагратәии Гәдоуҭатәии араионқәа рҟынгьы иазхом. Аҭагылазаашьа маҷк иманшәалоуп ақалақьқәа Тҟәарчали Очамчыреи рҿы. Гәдоуҭа араион аҟны ҩышәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь изнеиуам, избанзар акомплекстә план ала иргылаз ахәыҷбаҳчақәа ҩба аекспертиза ирыдрымкылеит иуашәшәыроуп ҳәа ишьаны. Иахьазы урҭ рырӷәӷәаразы аусурақәа цоит", — иҳәеит Какоба.

Аминистр иазгәеиҭеит 2018-2020 шықәсқәа рзы акомплекстә план ишаҵаркхо жәаба рҟынӡа хәыҷбаҳча.

Сынтәа иааидкыланы ахәыҷбаҳчақәа рахь иныҟәоит 3500-ҩык ахәыҷқәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0