Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьниа: асахьаҭыхыҩцәа аиҳабыратә биԥара аҿарацәа зегь рыла ирыцхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахнтәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа.
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахнтәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иахыҵит 75 шықәса. Аидгыла ашьақәгылашьеи, иахьатәи аҭагылазаашьеи ртәы Sputnik ардаио астудиаҟны дазааҭгылеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахнтәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа.

Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла апсуа культура иаларгалаз рацәоуп, иҳәеит Витали Џьниа.

"Аҵара наркомс дыҟан Занҭариа, уи иажәалагала 1936 шықәсазы иаԥырҵеит асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ҳәа. Уи аамҭазы, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҳәа аӡәгьы дыҟамызт, иҟаз аурысцәеи ақырҭцәеи ракәын. Дара рыӡбахә ҳҳәозар дыҟан Садокеевич ҳәа, Бухов, Контеров, Петров. Дара рымчала ишьақәгылеит ари Аидгыла. 1937 шықәсазы Лакоба ибзоурала иаартын асахьаҭыхратә школ. Ари ашкол аҟны  ҩы-шықәса ахәыҷқәа аҵара рҵон, уи ашьҭахь ари ашкол ҟарҵоит училишьчены. 1939 шықәсазы ари ашкол аҵаҩцәа рыцхыраарала иаартын ацәыргақәҵа. Уи ашықәс инаркны ауп изыԥхьаӡоу асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла шьақәгылеит ҳәа", — ҳәа иҳәеит Џьниа.

"Хра злоу ахҭысқәа": Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахнтәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа дазааҭгылоит аидгыла ашьақәгылашьеи, иахьатәи аҭагылазаашьеи ртәы.

Витали Џьниа иажәақәа рыла, раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа дыруаӡәкуп Марина Ешԥҳа, лара анаҩстәи абиԥарақәа реиҵааӡараҿ лылша рацәоуп.

"Аԥсуаа рҟынтә раԥхьатәи асахьаҭыхҩы ҳәа дыԥхьаӡоуп Марина Ешԥҳа, лара акыр шықәса дахагылан асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла. Лара ллагала дууп аҿар рааӡараҿы алшара ду ҟалҵит, иаԥылҵон аҭагылазаашьа бзиақәа. Марина Ешԥҳа дҟаза дуӡӡан, адырра ду лыман. Лара леиԥш иҟаз асахьаҭыхыҩцәа ҳамаӡамызт усҟантәи аамҭазы. Ашьҭахь, раԥхьатәи асахьаҭыхыҩцәа академиа иалганы иааз иреиоуп: Хәыта Аҩӡба, Зоиа Џьынџьалԥҳа, Иури Ҷкадуа, Станислав Иванба – дара аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуеит. Дара рышьҭахь, Витали Лакрба, Сергеи Ҵәыџьба, Уасил Мхонџьиа. 70-тәи ашықәсақәа рзы даараӡа ишьҭыҵуеит аԥсуа ҟазара, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа еиҵагылоит", — ҳәа азгәеиҭеит асахьаҭыхҩы.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәылацәа Аԥсныи уи анҭыҵи хаҭалатәи ацәыргақәҵақәа мҩаԥыргоит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0