АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспубликахь ааԥхьара зманы ицоз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба цәыббра 1 азы Кишиневтәи аҳаирбаӷәазаҟны Молдавиа аҳәаахьчаратә полициа дааныркылеит, нас атәыла далырцеит.
Абри аинцидент инадҳәаланы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит. Аҳәамҭаҟны иарбоуп молдавиатәи аган аԥсыҽреи аполитикатә мдырреи шьақәнарӷәӷәоит аҭыԥ зоуз аинцидент ҳәа.
"Иазгәаҭатәуп приднестровиатәи аган заанаҵы, ишьақәыргылоу аԥҟара инақәыршәаны адырра шыҟанаҵахьаз авизит азы. Ус шакәызгьы Аԥсны ахаҭарнак иганахьала арепрессивтә усқәа мҩаԥган", ҳәа арбоуп аҳәамҭаҟны.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны иазырыԥхьаӡоит асеиԥш иҟоу адемаршқәа Приднестровиеи аиашьаратә республикақәеи русеицура арҿиара ааха ду арҭоит ҳәа.
"Молдавиатәи Ареспублика асеиԥш ахымҩаԥгашьа еиҳагьы иаруадаҩуеит Приднестровиеи Молдавиеи рыбжьара аиҿцәажәаратә процесс аҭагылазаашьа. Асеиԥш иҟоу "абжьарашәышықәсатә" методқәа иаартны иудырбоит Кишинев адиалог иазыхианы ишыҟам", ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра молдавиатәи аган ахь ааԥхьара ҟанаҵеит адискриминациатә ҟазшьа змоу аусқәа рыҽрыцәхьанакларц.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акәзар, молдавиатәи аган ақәыӡбара ду азнауеит.
"Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаԥхьаӡоит Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵзуратә хаҿқәа рганахьала адискриминациатә хымҩаԥгара алыршамзароуп ҳәа. Убри инадҳәаланы адунеитә уаажәларра рахь ааԥхьара ҟарҵоит аҭыԥ зоуз ахҭыс аобиективтә хәшьара арҭарц, ԥхьаҟагьы усеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа раԥырҟәҟәаара алдыршарц азы", ҳәа иҩуеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа асоциалтә ҳа Facebook аҟны.
Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспубликахь ааԥхьара зманы ицоз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба цәыббра 1 азы Кишиневтәи аҳаирбаӷәазаҟны Молдавиа аҳәаахьчаратә полициа дааныркылеит, нас атәыла далырцеит.