Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи ахь аҳамҭақәа ҟаҵоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукД. И. Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи ахь Гәлиаа рҭаацәара иадҳәалоу аҳамҭақәа ҟаҵоуп
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи ахь Гәлиаа рҭаацәара иадҳәалоу аҳамҭақәа ҟаҵоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи ахь Гәлиаа рҭаацәара иадҳәалоу аҳамҭақәа ҟаҵоуп.

АҞӘА, цәыббра 2 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа иҧҳа Татиана Гәлиаԥҳа лаб инапҩымҭақәеи иҭыхымҭеи иҧсрашьҭахьтәи агипс иалху асабрадеи Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи ҳамҭас иалҭеит.

”Саб ихәыҷра ашықәсқәа раангьы аҭыхра далагахьан. Уи аҭыхратә ҟазара лҿиҵаауан Ольга Лишева. Уи дсахьаҭыхҩын, аамҭак иалагӡаны ара Аҧсны дынхон, ахәыҷқәа асахьаҭыхра длырҵон. Саб асахьаҭыхра ибзианы ицааиуан. Ари асахьа ҭыхуп 1933 шықәса рзы”.

Татиана Гәлиаԥҳа иара убасгьы амузеи ҳамҭас иалҭеит Гьаргь Гәлиа инапылаҩырақәа, иашьеиҳаб Владимир Гәлиа ифотосахьа. Уи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан дҭахоит. Иазыԥхьаӡоуп арратҟәацәа рзы афранцыз лагер аҟны дҭахеит ҳәа.

Иара убас, Татиана Гәлиа инаҵшьны иазгәалҭеит: “Сынтәа Урыстәылатәи Афедерациа аҿы иҟоу Аҧсны Ацҳаражәҳәарҭа Аиааира ду Амшныҳәа азы акциа ”Ԥсра зқәым аполк” аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧснытәи аколонна еиҿнакааит. Саргьы убри аколонна салахәны Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы 1943 шықәсазы иҭахаз Владимир Гәлиа ифотосахьа кны сахысит”.

"Сара абри аҩны сыҩналацыҧхьаӡа, схәыҷрашықәсқәа сгәалашәоит. 70-тәи ашықәсқәа рзы Дырмит Гәлиа иҧшәмаҧҳәыс, сара санду ари аҩны аҳәынҭқарра иалҭеит, уи ашьҭахь уи музеихеит", — лҳәоит Татиана Гәлиаԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукПосмертная маска Георгия Гулиа
Посмертная маска Георгия Гулиа - Sputnik Аҧсны
1/3
Посмертная маска Георгия Гулиа
© Sputnik / Томас ТхайцукРукопись Георгия Гулиа
Рукопись Георгия Гулиа - Sputnik Аҧсны
2/3
Рукопись Георгия Гулиа
© Sputnik / Томас ТхайцукДочь Георгия Гулиа
Дочь Георгия Гулиа - Sputnik Аҧсны
3/3
Дочь Георгия Гулиа
1/3
Посмертная маска Георгия Гулиа
2/3
Рукопись Георгия Гулиа
3/3
Дочь Георгия Гулиа

Д. И. Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи аиҳабы Светлана Қорсаиаҧҳа Татиана Гәлиаҧҳа иҟалҵаз аҳамҭазы ҭабуп ҳәа лаҳәо, аамҭа кьаҿ иалагӡаны, амузеи аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рхыркәшара ашьҭахь, Гьаргь Гәлиа ихьӡ иадҳәалоу аекспонатқәа рзы хазы игоу азал шаартхо азгәалҭеит.

"Асабарада аума, асахьақәа роума – азал аҟны иалкаау рхатә ҭыԥ роуеит", — лҳәоит лара.

Убри аан, атәыла акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхақәа рыхьчара аминистр Ельвира Арсалиаҧҳа Гьаргь Гәлиа иҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа еиҿкаазарц азы ажәалагала ҟалҵеит.

Татиана Гәлиаԥҳа иазгәалҭеит аремонттә усурақәа рышьҭахь амузеи иалҭараны ишлыгәҭаку егьырҭ хәы змоу аматериалқәеи аекспонатқәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0