Анатоли Богатырев аҟаза — ашәыгә, 40 шықәса инареиҳаны амҿы аҭҟара инапы алакуп. 1962 шықәсазы акинофильм "Человек- амфибия" анҭыҵ ашьҭахь, иара раԥхьатәи иусумҭа инапы иҵихит, иара ашыц иалхын, 35 сантиметр ыҟан.
Анатоли Богатырев инарҭбааны иҭоурых шәаԥхьар ҟалоит абра
"Сҭаацәа аткьац рнапы алакын, саргьы 12 шықәса анысхыҵуаз инаркны дара срыцхраауан, уи аҟынтә амҿы аус адулара снапы алакын. Ара сахьынхо, Бзыԥ аԥшаҳәаҟны, аӡиас ирацәаны амҿы аҟәара иқәнагалоит, уи сара аҩныҟа аагара салагеит, аус адуларазы. Раԥхьатәи сусумҭа аныҟасҵаз аахыижьҭеи акыр шықәса ҵит, иагьысхашҭхьеи иара закуыз", — ҳәа дахыхәмарны дцәажәоит анапҟаза.
Анатоли Богатырев иажәақәа рыла, иара акырџьара аус иуан иҭаацәара ныҟәигарц азы, аха амҿы аҭҟара дшаҿыц даҿын. Иара бзиа ибаны ишьҭихыз аус иҭаацәагьы ахаҵгылеит. 500 цыра иреиҳау Анатоли Богатырев иусумҭақәа ыҟоуп.