Витали Габниа иныҟәара аихшьаалақәа ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа зхадараҟны дыҟаз Аԥснытәи аделегациа алахәын Арцах (Ашьха Ҟарабах) имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа.

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Хымш рыҩныҵҟа аԥсуа делегациа имҩаԥнагеит акыр еиԥылара иҳәеит Аҟәа имҩаԥысуаз абрифинг аҟны аделегациа аиҳабы Витали Габниа.

"Ҳделегациа иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара алахәыла Вагаршак Косиан, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Кан Ҭаниа, атәыла Ахада Иусбарҭа апресс-маҵзуреи аконцелиариеи рхаҭарнакцәа", — иҳәеит Витали Габниа.

Иара иажәақәа рыла ҳделегациа алахәылацәа рԥылеит Ашьха-Ҟарабахтәи ареспублика апрезидент Бако Саакиан, Жәлар Реизара аиҳабы, Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Габниа иазгәеиҭеит Ашьха-Ҟарабах анапхгара иаԥырҵеит аԥсуа делегациа рзы аҭагылазаашьа маншәалақәа. Витали Габниеи Кан Ҭаниеи еиҭарҳәоит Степанакерт ақалақь аибашьра ахаҿы ишанумбаало.

"Ахыбрақәа реиҭашьақәыргылара адагьы ҿыц иргыло рацәоуп", — иҳәеит Витали Габниа.

Ареспубликатәи ахәыҷтәи хәышәтәырҭақәа рыӡбахә ҳәо Габниа иазгәеиҭеит урҭ москватәи аклиникақәа рыҩаӡара шрымоу.

Аԥсуа делегациа ирзеиҭарҳәеит Ашьха-Ҟарабах ацхыраара ду шарҭо адиаспора ахаҭарнакцәа, аҭыԥантәи абизнесуаа.

Аҭыԥантәи афото. - Sputnik Аҧсны
Витали Габниа амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Степанакерт иахьа хкы рацәала аус руеит атеатрқәа, аресторанқәа, абассеинқәа, акинотеатрқәа уҳәа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рацәаны.

"Иазгәаҭатәуп ара инхо ауаа ишрылшаз хра зманы иҟоу аҳәынҭқарра аргылара. Араҟа иҟам акриминал, еиҿкаау ацәгьоура, анаркоманиа", — иҳәоит Габниа.

Витали Габниа иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла ахадара аибашьра аветеранцәа ирзыҟарҵо агәцаракра атәы.

Ашьха-Ҟарабах ԥсабаратәла анхара-нҵыразы рацәак ишыманшәаламгьы иқәынхо зегьы тәамҩахә ҟамҵакәа аус руеит ҳәа далацәажәоит иибаз-иаҳаз Габниа.

Абрифинг аҟны Габниа дазааҭгылеит Ермантәыла Апрезидент Серж Саргсиани аԥсуа делегациеи реиԥылараан аҭыԥ змаз ахҭыс.

"Аиԥылара мҩаԥысуан Степанакерт инацәхыкны 15 километра ахьыбжьоу аҭыԥ аҟны. Уаҟа Ашьха-Ҟарабах ашьаҭаркра 25 шықәса ахыҵра азгәарҭон. Егьырҭ аделегациақәа реиԥш ҳаргьы иаҳԥылеит. Ақырҭцәа уи аҭыӡшәа ахьалырхыз сара стәала апиар ҟазшьа амоуп", ҳәа азгәеиҭеит иара.

Габниа иажәақәа рыла Аԥсни Ашьха-Ҟарабахи реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы иҿиалоит. Иазыԥхьагәаҭоуп Арцах Аԥсны Ахаҭарнакра аартра, аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьаҵара, ахәыҷқәа рзы аԥсшьара аиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0