Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа ирыдҳәалаз аилацәажәара мҩаԥигеит атәыла ахада

© Sputnik / Томас ТхайцукАтәыла ахада Рауль Ҳаџьымба
Атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 18 рзы имҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа. Аԥсны уи амш аҽны аус рулоит алхырҭатә ҭыԥқәа жәба.

АҞӘА, цәыббра 7 — Sputnik. Атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаԥигеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа ирыдҳәалаз, уи иалаҳәын араианқәа рхадацәа, абри атәи аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит, алхрақәа ишахәҭоу имаԥысыр шаҭаху, уи амш азы урыстәылатәи аԥсшьаҩцәагьы алшара рымазароуп алхрақәа рҽа лархәра.

Архывтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсынгьы имҩаԥысраны иҟоуп заанаҵтәи абжьыҭирақәа

"Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рхы алархәразы алшара рымазароуп аԥсшьаҩцәагьы", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба излаҳзааицҳаз ала, алхыҩцәа абиуллетеньқәа ҩба рыдгылазаауеит, акы апартиа иазку, егьи акандидат изку.

"Аҭаҩра змоу алхыҩцәа рыбжьы рҭиир ҟалоит апартиатә сиақәа рыла", — иҳәеит Ешба.

Аԥсны 90 нызқьҩык рҟынӡа алхыҩцәа ыҟоуп, Урыстәыла Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рхы рыладырхәырц азин рымоуп.

Алхрақәа рымш аҽны иаартызаауеит алхырҭатә ҭыԥқәа 9. Алхрақәа рхы рыладырхәыр ҟалоит Урыстәыла атәылауаа зегьы, уи аҽын азы аԥсны иҟоу.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0