Кьылба: НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада гуманитартә миссиам Қырҭтәылаҟа даазгаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба
Аԥсны ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба ахҳәаа аиҭеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәылаҟа иаара.

АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Қырҭтәыла иаҭаара гуманитартә миссианы иҟам ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ашәарҭадаратә Хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.

Аладатәи Афедералтә университет иреиҳаӡоу ашкол Нхыҵ-Кавказтәи анаукатә центр Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рнаукаҭҵааратә лабораториа аиҳабы Николаи Ҭраԥшь - Sputnik Аҧсны
Николаи Ҭраԥшь ахҳәаа азиуит Қырҭтәылаҟа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иаара

"НАТО иамоуп ахатәы арра-политикатә хықәкқәа. Урҭ арахь иаацԥхьаӡа Қырҭтәыла Аҩада Атлантикатә алианс алалара аус дырцыхцыхуеит. Ҳәарада уи ҳҳәынҭқарреи ҳхьыԥшымреи ашәарҭара иҭанаргылоит. Қырҭтәыла анапхгарагьы аҵакырадгьылтә акзааразы ирҳәац еиҭарҳәоит. Уи иаанагоит амчра ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра ирыдаагало дара азыхиам ҳәа" — иҳәеит Кьылба.

Абри аҭакс аԥсуа ган ахатәшәарҭадаратә ҭагылазаашьа аҵакы рдуны Урыстәылеи иареи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәалароуп.

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Қарҭҟа дааит цәыббра 7 рзы. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аиԥылара мҩаԥысраны иҟоуп Аԥыза-министр Георги Квирикашьвилии, Қырҭтәыла апрезидент Георги Маргвелашьвилии, атәылахьчара аминистр Леван Изориеи, апарламент ахада Давид Усупашьвилии рԥылара.

Иара убасгьы Столтенберг дырԥылараны дыҟоуп астудентцәа. Қырҭтәыла Аԥыза-министр иазгәеиҭоит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәылаҟа иаара иаанаго ара имҩаԥысуа адемократиатә реформақәа рыдгылароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0