АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсылманцәа иазгәарҭоит цәыббрамза 12 аҽны, рдинхаҵараҿы иреиҳау аныҳәақәа Кәрбан-баирам, абри атәы иҳәеит Аҧсны аҧсылманцәа Иаку Рдоуҳатә Наҧхгараҭара ахантәаҩы Салих Кәарцхьиа.
"Кәрбан ныҳәа, мамзаргьы Ид аль-Адха — аԥсылманцәа рныҳәақәа ируакуп. Ари аҽны аҟәрҟан излаҳәо ала, ҧхыӡла, аҧаимбар, апророк Ибраҳим иҿы днеины, ҧсаҭатәыс Аллаҳ иҿаҧхьа иҧа дҟаиҵарц иеиҳәеит. Ибраҳим дазыразны, Мекка адәҳәыҧш аҟны дцаны, аҽазыҟаҵаратә усмҩаҧгатәқәа дрылагеит. Аллаҳ, абас ала дҧишәеит Ибраҳим, агәрагьы игеит иҿаҳәатәы шынаигӡоз ала. Аҵыхәтәантәи аминуҭқәа рзы, Аллаҳ, Ибраҳим иҧа деиқәирхоит. Иҧа ихаҭыҧан ауаса ҧсаҭатәыс иҟаиҵоит. Анаҩс, ҳазшаз Анцәа ду, Ибраҳим аҩбатәи аҧа, Исҳақ, иирагьы иаҭәеишьоит", — ҳәа иҳәеит Кәарцхьиа.
Адунеи иқәынхо аҧсылманцәа зегьы, ҳәа ациҵеит Кәарцхьиа, иазгәарҭоит Кәырбан-Баирам ныҳәа.
"Гәыла-ҧсыла Аллаҳ изааигәахара, ҳагәнаҳарақәа ҳхыхра, арыцҳаибашьара, аилибакаара, ҧсылманҵасла ҳазшаз иашьапкра, абарҭ аусқәа рымҩаҧгаразы, Курбан-Баирам аныҳәазы, аҧсылманцәа, ҧсаҭатәыс ашьтәақәа ршьуеит. Уи зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа ирзыршоит, аҳамҭақәа еимырдоит, еҭанаиааиуеит. Даҽа аамҭанык еиҧшымкәа агәыҳалалреи аразреи аадырҧшуеит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Кәрбан ныҳәа азгәарҭоит, Ураза Баирам 70 мшы анҵлак ашьҭахь. Аныҳәа азгәарҭоит хымш-ԥшьымш.