Салаҳ Леиба: Шьамтәыла аҭаацәара ду сымоуп, араҟагьы ауа-аҭынха соуит

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәСалаҳ Леиба
Салаҳ Леиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхтә маҟәмабарақәа ирыхҟьаны Ҭырқәтәылаҟа иӡхыҵыз, уи ашьҭахь Шьамтәылаҟа иагаз Салаҳ Леиба иҭаацәа рҭоурыхи, иахьа игәы иҵхо азҵаарақәа ртәы Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭеиҳәеит.

Мраҭашәаратәи Кавказ иқәынхоз аԥсуаа егьырҭ аедыгь хылҵшьҭрақәеи рзы рыцҳара дуны ирзыҟалеит 1877-78- тәи ашықәсқәа. Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа иқәынхоз аԥсуааи аедыгьцәеи ахҵәара рықәшәеит. Абасала XIX ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы рыԥсадгьыл ааныжьны Ҭырқәтәыла иқәнагалеит аԥсуаа.

© Sputnik / Томас ТхайцукСалах Лейба с семьей
Салах Лейба с семьей - Sputnik Аҧсны
Салах Лейба с семьей

2013 шықәсазы, Шьамтәыла аибашьра ианалага зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз аԥсуаа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Шьамтәыла ахысразы ачемпион Салаҳ Леиба. Иара ԥшьҩык иԥацәеи иареи иахьа инхоит Гәдоуҭа, аԥсшьарҭатә ҩны "Черноморец" ахыбраҟны.

Ҳаири Қәҭарба - Sputnik Аҧсны
Ҳаири Қәҭарба: сыԥхыӡ лабҿабахеит, сыԥсадгьыл Аԥсны сынхоит

Салаҳ Леиба иҭаацәа иреиуоуп изныкымкәа ахҵәара зхызгаз, зны Ҭырқәтәылаҟа, нас Шьамтәылаҟа. 

Салаҳ иҭаацәа ирхыргаз агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи ртәы идыруеит ианду Забеҭхан Кәыҿԥҳа лажәақәа рыла.

"Санду Забетхан Кәыҿԥҳа еиҭалҳәон илхылгаз арыцҳарақәа ртәы. Ахҵәара ианақәшәа санду ҩыџьа лԥацәа лыманы Ҭырқәтәыла иагеит. Уа иҟаз амчрақәа, ақәыӷәӷәарақәа ирыхҟьаны лара лыхшаара лыманы Шьамтәылаҟа дцар акәхеит. Лара излеиҭалҳәоз ала, Ҭырқәтәылантәи Шьамтәыла данынаӡа, Дамаск ақалақь аҟны диабадыруеит сабду, Абдусальам Леиба. Сабду, дҳақьыман, уи иаб абџьар ҟаҵаҩын. Аԥсуаа ахьыҟазаалак абџьар бзиа ирбоит, саргьы иара иахь сцеит. Санду ақәра ду нылҵеит лажәақәа сыцуп иахьагьы", — ҳәа иҳәоит Салаҳ Леиба.

Забетхан Кәыҿԥҳаи Абдусальам Леибеи ирхылҵит хә-ҩык ахшаара. Салаҳ иажәақәа рыла иаб  Абдуразаҟ аҷҷаҳәа аԥсышәала дцәажәон.

"Саб, иахьынӡасгәалашәо аԥсышәала дцәажәон. Издыруа ахәыҷы иара иоуп исзырҵаз. Есымша иҳәон ажәа — ԥхашьароуп ҳәа. Ҳаҩны адуцәа анааидтәалалак рхатәы бызшәала ицәажәон, еиҭарҳәон аҭоурых. Схы здыруа саныҟала инаркны исаҳауан сыпсадгьыл Аԥсны шакәыз, ара ишыԥшӡарҭоу. Исҭахын еснагь арахь саар", — ҳәа ациҵеит иара.

Салаҳ иҭаацәа еиҭарҳәоз ахҭысқәа рҟынтә зегь реиҳа игәалашәараҿы иаанхеит хҭыск.

"Сандуи сабдуи еиҭарҳәон, Дамаскҟа нхара ианалага, амҳаџьырцәа ҭынч анхара анҵыра рырҭомызт амчрақәа ҳәа. Иҟан аамҭак сандуи сабдуи саб дрыхьчоит ҳәа Палестинаҟа дрышьҭыр анырҭахыз. Ус иарҳәеит "уаԥсыуоуп уахьыҟазаалак, уи ухаумыршҭын, ухы еиқәырха" ҳәа. Саб убас акыр шықәса Палестина дынхон. Данызҳа ашьҭахь ауп иҭаацәа рыхь даныхынҳә. Ус ҳаргьы ҳаиит", — ҳәа дазааҭгылоит иҭаацәаратә хҭыс игәалыршәауа Салаҳ Леиба.

Леиаа рҭаацәара акырӡа аамҭа икыднаҟьазаргьы, Шьамтәыла ршьапы иқәгылеит. Салаҳ иабду абџьар ҟаҵаҩын, уи ала рхы ныҟәыргон.

Адыга ҭыԥҳа Амра Џьамре Жаде. - Sputnik Аҧсны
Џьемре Жаде: ауадаҩрақәа сырцәымшәеит, ара саанхеит, Аԥсны сыԥсадгьыл акәхеит

"Сабду абџьар ҟаиҵон, схәыҷаахыс бзиа избон абџьар. Ус саргьы сызҳацыԥхьаӡа абџьар аимыхра, аибыҭара, аҟаҵара снапы аласкит. Шьамтәыла ахысразы счемпионхеит. Абџьар акәын сара сзы иҟаз. Ахысра бзиа избоит. Абџьар ҟаҵарҭа ԥшь-зауадк сыман Шьамтәыла аибашьра алагаанӡа, Аԥсныҟа саанӡа", — ҳәа иҳәеит Салаҳ Леиба.  

Салаҳ иҳәоит, игәы шазыҳәо абџьар ахысратә спорт хкы Аԥсны иҿиарц.

"Аԥсныҟа санааи снапы зласкуаз ҳәа уск сымамызт, арахь сҭаацәа ныҟәгатәын. Издыруаз абџьар аремонт аҟаҵара акәын, уи снапы асыркит. Аха рыцҳарас иҟоу, ашәарыцара ианаамҭоу ауп аусустә аныҟоу, абжьааԥны аусура ыҟаӡам. Пшь-ҩык ахшаара сымоуп, исҭахуп ԥсуаҵас рааӡара. Саб ииҳәоз ажәа "ԥхашьароуп" рыласааӡоит схәыҷқәа. Сара акырӡа аҩызцәа бзиақәа сымоуп Шьамтәыла, дара ацхыраара сҭахуп Аԥсны ахысразы аспорт хкы ҿиарц ҳәа расҳәар, хымԥада исывагылоит", — ҳәа иҳәоит Салаҳ Леиба.

Хы-шықәса ҵуеит Аԥсны инхоижьҭеи Салаҳ иҭаацәеи иареи. Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо ижәлантәқәа Леиаа акырӡа ивагылоит, дырбоит, драҳауеит. Салаҳ Леиба иабдуи иандуи ирхылҵызи, урҭ ирхылҵызи 70-ҩык иреиҳауп, дара зегьы Аԥсныҟа нхара иаар сҭахуп, иҳәоит иара. Аҭаацәар ду салҵит, араҟагьы аҭаацәара ду соуит ҳәа дазгәудуны иҳәоит Салаҳ Леиба.

Ажәабжьқәа зегьы
0