Sputnik, Рада Ажьиԥҳа
Амра Џьемре Жаде лабду иабду амҳаџьырра дахнагеит Кавказ ажәларқәа рхырҵәара ашықәсқәа раан. Лара ашаԥсыӷаа амҳаџьырра ишахнагаз атәы аҭоурых лдыруеит лабду илзеиҭеиҳәоз ажәабжьқәа рыла. Џьемре лабду Жаде Кьазым Ертурк дҳақьымын, Сақариа — Адаԥазар инхо аԥсуаа адыгаа зегьы деицырдыруан.
"Сара сыжәла шаԥсыӷ ажәлоуп, садыгоуп, аха Аԥсны гәыкала бзиа избеит. Сабду иоуп Кавказ ажәларқәа зыниаз аҭоурых ҳзеиҭазҳәоз. Сабду адыга бызшәала ииҳәон "амла сакит ", "аӡы сҭахуп", абас имарианы иҟаз ажәақәа. Ҳаҩнаҭаҟны иара ида уаҳа аӡәгьы иҳәомызт ҳхатәы бызшәа, уи аҟнытә адыга бызшәа сыздыруамызт. Аинтерес сзаҵан ҳҭоурых, маҷ- маҷ ҳалацәажәон", — ҳәа лҳәоит Жаде.
Лара алажәақәа рыла, 1993 шықәсазы Маиҟәаԥ инхо лыуацәа Ҭырқәтәыла сасра ирҭан, дара рҟынтә илаҳаз аҭоурых даараӡа ирацәоуп.
"Маиҟәаԥынтә ҳауацәа ҳаҩнаҭа дыргәырӷьеит, избан акәзар иаҳзеиҭырҳәаз аҭоурых рацәоуп. Уи аԥхьа уамак сазҿлымҳамзар, ашьҭахь аҭҵаара салагеит сыжәлар рҭоурых. Ауниверситет аҟны аҵара анысҵоз сырҵаҩы ус салҳәеит, бара бсоциологуп, бадыга ҭыԥҳауп быжәлар рҭоурых аҭҵаара бнапы аркы ҳәа сабжьылгеит, ус иагьыҟасҵеит. Кавках ажәларқәа рыхҵәара иазкыз аҭоурыхҭә шәыҟәқәеи, еиуеиԥшым астатиақәеи срыԥхьеит", ҳәа ацылҵеит лара.
2005 шықәсазы Амра Џьемре Жаде лҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь даартә еиԥш алшара лоуит. Маиҟәаԥ дыҟанаҵ акырӡа аматериалқәа еидылкалеит. Урыстәылатәи аҵара асистема илылнаршомызт адоктортә диссератациа ахьчара Маиҟәаԥ, уи аҟнытә Ҭырқәтәылаҟа деиҭахынҳәит.
"Ҭырқәтәыла саныхынҳә ашьҭахь аԥсуа диаспора аусура акыр сазҿлымҳан. 2006 шықәса анҵәамҭазы раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа сааит, сатәнатәит иаразнак Аԥсны. Ара аҳауеи аԥсабареи аҽакуп зынӡа, ауаа гәыкала исзыҟалеит. Аԥсны санааи ахԥатәи амш азы абанкет ыҟан, уаҟа ҳаибадырит Максим Ӷәынџьиеи сареи. Иара ус сеиҳәеит, "аԥсуа арепатриациа аусураҿы апроблемақәа рацәаны иҟоуп, асоциологцәа маҷны иҳамоуп, арахь нхара ҳәа баар усурала беиқәҳаршәоит, аус булоит, аҭҵаарагьы бнапы алакызаауеит, абызшәа бҳарҵоит" ҳәа. Сара уи сазхәыцит, акыр џьара Аԥсны сзацхрауаазар исылшо ала, мап скуам, аха хымыз рышьҭахь саауеит сҳәеи, ус иагьыҟасҵеит", — ҳәа илгәалалыршәоит Џьамре Жаде Аԥсныҟа лаара шыҟалаз атәы.
Џьемре Жаде аԥсуа абызшәа аҵаразы дныҟәон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны еиҿкааз аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь. Лара лажәақәа рыла, уи маҷын лара лзы аԥсуа бызшәа ирласны илҵаразы.
"Аԥсуа бызшәа аҵаразы аҽазыҟаҵаратә курсқәа рахь сныҟәон, аха уи сызхаӡомызт, ацәажәара сҭахын, ашьҭахь сҩыза Лиза Қәҭарԥҳа лыҩныҟа ишызымуоз сылгеит, лҭаацәа зегьы аԥсышәала мацара акәын ишцәажәоз уи аҟнытә ирласны аԥсшәа сҵоит ҳәа хшыҩзышьҭра алҭеит лара. Фымыз рышьҭахь аԥсшәа еилыскаауа сҟалеит, аамыз рышьҭахь раԥхьаӡа акәны аԥсышәала сцәажәеит. Уи ҟалеит август 14 аҽны, аҿар рхаҭарнакцәа агәалашәаратә акциа анеиҿыркаауаз. Уи аҽны ауп сара аԥсуа телехәаԥшра акорреспондент аԥсышәала дансыҿцәажәа", — ҳәа дызгәдуны илҳәоит лара.
Аибашьра ашьҭыхьтәи аамҭа цәгьа сара самыршәеит Аԥсны анхара ҳәа сахьааз, ус иахьызыӡбаз ииашаны иҟасҵеит, лҳәоит Жаде.
"Ара аибашьра ашьҭахь анхара цәӷьоуп ҳәа сацәшәаӡомызт, зегьы гәыкала иҟан уи сгәы шьҭнахуан. Зегьы шымариамхоз здыруан, ауадаҩрақәа сырцәымшәеит, ара сыҟоуп, саанхеит, Аԥсны сыԥсадгьыл акәхеит. Аусураҿы уадаҩра ҳәа акгьы сызцәырҵуамызт. Аус зуеит Аԥсны апрезидент иҟны иаԥҵоу астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны. Сеиҳабы Олег Дамениа, акырӡа авагылара сиҭоит. Ҳдиоспора ахаҭарнакцәа ахьыҟоу атәылақәа сырҭаауеит, изыҩуеит рҭоурых, срыҿцәажәоит, уахь саныҟоу еиҳа Аԥсны гәхьаазгоит. Сзыҽцәажәо адиаспора ахаҭарнакцәа ирдыруеит рыԥсадгьыл Аԥсны шаку", — ҳәа ацылҵеит лара.
Амра Џьемре Жаде жәашықәса ҵуеит Аԥсны дынхоижьҭеит. Иааидкыланы ҳтәыла зегьы бзиа илбоит, аԥсуа амилаҭ ачысхққәа аҟаҵашьа лҵеит, зегь реиҳа бзиа илбоит аилаџь.Ҭырқәтәыла инхо лани лашьеи Аԥсныҟа иаарц ргәы иҭоуп. Жаде лакәзар лыгәҭакқәа акырӡа ирацәоуп, адиаспора аусура аҳаракыра ашьҭыхреи, аимадара арӷәӷәареи Аԥсны асоциологцәа аиҵааӡареи аҟынӡа.