Лиуксембург Венгриа Евроеидгыла иалцазарц ахәҭоуп ҳәа иаԥхьаӡоит

© AFP 2023 / JOHN MACDOUGALL Евроеидгыла абирай. Архивтә фото.
Евроеидгыла абирай. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахҵәацәа аус рыцураан ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара мзызны иазыҟалеит Венгриа Евроеидгыла алцаразы, иҳәеит Лиуксембург Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

АҞӘА, цәыббра 13– Sputnik. Ахҵәацәа аус рыцураан ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара мзызны иазыҟалеит Венгриа Евроеидгыла алцаразы, иҳәеит Лиуксембург Адәныҟатәи аусқәа рминистр. Абри атәы аанацҳауеит агазеҭ Die Welt шьаҭас иҟаҵаны РИА Новости.

Аминистр Ассельборн иазгәеиҭеит "Венгреиԥш ахҵәацәа атәыла иаларымҵарц ашә-гәашәқәа азыркуа атәылақәа апресса ахақәиҭреи аӡбаратә система ахьыԥшымреи еилазго аамҭала мамзаргьы наунагӡа Евроеидгыла иалцатәуп" ҳәа.

Виктор Орбан знапхгараҟны дыҟоу Венгриа аиҳабыра ахҵәацәа арахә реиԥш ирызныҟәоит. Уи дара рыгхоуп ҳәа азиԥхьаӡоит Ассельборн.

"Ибзиан Евроеидгыла алахәразы еицҿакрылатәи аӡбра адкылара аҭахымкәа аԥҟаррақәа еиҿкаазар", — иҳәоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0