Ежова: шәара амшын шәымоуп, ҳара - асы

© SputnikСветлана Ежова
Светлана Ежова - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Клуб любителей Абхазии" Удмуртиа аусура иалагеит 8 шықәса раԥхьа.

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik. Sputnik Аԥсны иаҭаан иҟаз аклуб алахәыла Светлана Ежова еиҭалҳәеит аклуб алахәылацәа Аԥсны бзиа изырбо, идзырбаз ртәы.

"Зегьы 8 шықәса раԥхьа иалагеит. Сҩызцәеи сареи Аԥсныҟа ҳааит. Араҟа даара иаҳгәаԥхеит. Уажәы еицу 48-ҩык ҳаҟоуп. Аԥсшьареи атәыла аҭҵаареи реицымҩаԥгара ҳҽазаҳшәоит. Бзиа ибаны ақьырсиан уахәамақәеи аԥшьа ҭыԥқәеи ҳарҭаауеит. Уи адагьы оумашәа иаҳгәаԥхоит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Урҭ зегьы аразра рылыжж ауп ишыҟоу", — лҳәоит Светлана.

Светлана лажәақәа рыла Аԥсны инхогьы Удмуртиа аҭаара ргәазырԥхаша рацәоуп.

"Аԥсны амшын шәымазар, ҳара сыла ҳбеиоуп. Удмуртиа иҟоуп Тол Бабаи (Аҵаа Бабаду) итәарҭа, ашәҩа базақәа, Калашников имузеи. Урҭ рыдагьы ақалақь Воткинск аҟны диит еицырдыруа акомпозитор Петр Илиа-иԥа Чаиковски. Уоуп дара рџьынџьҩнгьы ахьыҟоу", — лҳәеит Ежова.

Светалан Ежова удмуртиатәи аклуб "Клуб любителей Абхазии" напхгара ахьалҭо адагьы удмуртиатәи атуристтә еилахәыра "Индустрия путешествий" асоциалтә проектқәа рыҟәша аиҳабыс дыҟоуп.

Светлана Ежова Аԥсны лыҟазаараан Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата даҭааны лпроектқәа рыдылгалеит. Иара убасгьы лара дырԥылеит Апалата анапхгара. Аиԥылараҟны ирылацәажәан ҩ-ганктәи аусеицура.

Аԥсни Удмуртиеи реиҳабыра ҵыԥх рнапы аҵарҩит ахәаахәҭра-економикатәи, анаука-техникатәи, акультуратәи усеицуразы Амеморандум.

Ажәабжьқәа зегьы
0