Чыргба Женеватәи аиҿцәажәарақәа рзы: алыҵшәа бзиақәа ҳарзыԥшуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИзаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 37-тәи раунд мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 4-5 рзы.
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 37-тәи раунд мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 4-5 рзы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 37-тәи раунд мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 4-5 рзы.

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чыргба аҳәамҭа ҟаиҵеит лассы иҟалараны иҟоу Женеватәи аиԥыларақәа рҟынтәи аԥсуа ган алҵшәа бзиақәа ирзыԥшуп ҳәа. Абри атәы иҳәеит иара ахәаша, цәыббра 16 рзы аиҿцәажәарақәа рыцҳантәаҩцәа рԥылараан.

"Ҳара иаадыруеит апроблемақәа акыр ишыуадаҩу, аха ҳара дипломатцәак рыҳасабала иаҳуалԥшьоуп иҳалшо зегь ҟаҳҵаларц абри арегион аҟны уаҳа аибашьра ҟамларц азы, аимакқәа зегьы ҭынчмҩала рҭыԥ ақәҵаразы", — иҳәеит аминистр.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа ишрызхьаԥшхо.

"Акультуратә ҭынхақәа, аекологиатә проблемақәа, аибашьраан иҭахаз рыԥсыбаҩқәа рырхынҳәра, уҳәа ирацәоуп ҳазлацәажәаша атемақәа", — иҳәеит Чыргба.

Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Герберт Зальбер иазгәеиҭеит аиҿцәажәарақәа ахьымҩаԥысуагьы акыр хра амоуп ҳәа ишуԥхьаӡаша.

ООН Амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Анти Турунен иазгәеиҭеит арегион аҟны аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа азуҳәартә ишыҟоу.

"Сара даара агәахәара снаҭоит Гал ақалақь аҟны имҩаԥысуаз аинцидентқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы аиԥыларақәа ахьеиҭахацыркхаз. Уажәы аҵакы аманы иҟоуп уа ирыдкылоу аӡбрақәа рынагӡара", — иҳәеит иара.

Изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа 37-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп жьҭаара 4-5 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0