Гагра араион аҿар Реидгыла алахәцәа раԥхьаӡакәны еиԥылеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра араион аҿар Реидгыла "Аԥсҭазаара" имҩаԥнагеит раԥхьатәи аилатәара.
Гагра араион аҿар Реидгыла Аԥсҭазаара имҩаԥнагеит раԥхьатәи аилатәара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион аҿар Реидгыла "Аԥсҭазаара" имҩаԥнагеит раԥхьатәи аилатәара.

ГАГРА, цәыббрамза 16 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион ҿыц ииз, аҿар Реидгыла "Аԥсҭазаара" иахьа имҩаԥнагеит раԥхьатәи аилатәара, уи иалагӡаны дшьақәырӷәӷәан ахантәаҩгьы.

Гагра араион аҟны изныкымкәа иаԥҵан аҿар Рхеилакқәа, Реидгылақәа. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны, урҭ русура аанкылахон.

Аҿар Реидгыла ҿыц "Аԥсҭазаара" аԥҵара зыбзоурахаз, Гагра араионтә Еизара афбатәи ааԥхьара адепутатцәа роуп. Иазгәаҭатәуп, урҭ реиҳараҩык аҿар рыла ишышьақәгылоу, убри аҟнытә ари аԥшьгамҭагьы дара рыгәҭа ахы ыҵнахит.

"Ҳара ҳзы игәахәара дууп, ҳраион иаланхо аҿар еидызкыло Аидгыла ахьаԥҵахаз. Уи ҳгәы иҭеижьҭеи акрааҵуан. Аӡәгьы изы имаӡаӡам, иахьа гәыԥҩыла аҿар амҩа иаша ишацәхҟьо. Дара ринтересқәа ззынархоу арыжәтә џьбареи анаркотикатә маҭәашьарқәеи ракәхеит. Ҳара иаҳуалуп, урҭ ҳганахь рхьарԥшра, аԥсҭазаара иашахь рырхынҳәра. Иара убас иазгәасҭарц сҭахыуп, ҳазҭоу ашықәс, жьҭаара 1 азы, Гагра араион Ахадараҟны аусура ишалаго аҿар русқәа рзы Аҟәша. Уи зыбзоуроу Гагра араионтә Еизареи араион анапхгареи рҳәоуеиқәшәара ауп", — иҳәеит аҿар Реидгыла аԥҵаҩцәа иреиуоу, араионтә Еизара адепутат Реваз Бениа.

Раԥхьатәи аилатәара исасцәаны иаҭааит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба, уи ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба, араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар, Аԥсны Жәлар Реизара Апарламент адепутат Анзор Кокосқьериа.

"Даара ҳгәы иаахәеит, абас иаалырҟьаны, Гагра араион аҟны аҿар Реидгыла ахьаԥҵахаз. Ҳара ҳахәҭакахьала, шәара ԥхьаҟатәи шәаԥшьгамҭақәа адгылара раҳҭоит, излаҳалшо ала ҳшәывагылазаауеит. Мҩамш", — ҳәа иқәгылараҟны иҳәеит араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

Раԥхьатәи аилатәараҟны, аҿар Реидгыла алахәцәа дшьақәдырӷәӷәеит ахантәаҩгьы, уи иакәхеит Гагра ақалақьуаҩ Ҭимыр Ҭаниа.

"Сганахь агәрагара аазырԥшыз иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳазегьы ҳаидгыланы, ҳҽазаҳшәароуп, аҿар ирыхәаша аусқәа реиҿкаара. Ҳаԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш знапы ианылараны иҟоу уалԥшьаны иҳадоуп, ҳабдуцәеи ҳабацәеи еиқәдырхаз ҳаԥсадгьыл, иаԥсоу ҵеицәаны аҵагылара", — ҳәа инаҵишьит аҿар Реидгыла ахантәаҩы Ҭимыр Ҭаниа.

Гагра араион аҿар Реидгыла "Аԥсҭазаара", хара имгакәа ауаажәларратә ус активла иалахәхо иалагоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0