16-ҩык Бзыԥаа рҵеицәа раԥхьатәи реибашьратә аоперациа

© Sputnik / Саида Жьиԥҳа16-ҩык Бзыԥаа рҵеицәа, раԥхьатәи реибашьратә аоперациа
16-ҩык Бзыԥаа рҵеицәа, раԥхьатәи реибашьратә аоперациа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббра 19 1992 шықәсазы, 16-ҩык Бзыԥаа реибашьцәа, Мамзышьха аҳаракыраҟны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа зықәтәаз автобус ҭадырхеит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, цәыббра 19 1992 шықәсазы, 16-ҩык Бзыԥаа реибашьцәа, Мамзышьха аҳаракыраҟны ишҷаԥшьоз, ргәырҽанӡамкәа 50-ҩык инарзынаԥшуа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа зықәтәаз автобус аҩада ихалеит. Бџьарла қәнагала ишеиқәшәамызгьы, аибашьцәа автобус рыбжьакны, иақәтәаз зегьы ҭадырхеит.

Мамзышьха ибжьаланы ицоз автобус наӡараны иҟан Риҵатәи аиҩхаанӡа, уаҟа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа ахырӷәӷәарҭа ҟаҵаны, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иаауаз аибашьцәа аԥынгыла рырҭарц ргәы иҭан, аха ргәахәтәы иахьымӡеит.

Адам Богус-Леон иорден занашьоу, Адыгатәылантәи Аԥсны хатәгәаԥхарала деибашьуан. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәалашәарақәа

Бзыԥаа рҵеицәа, аӷа иавтобус аҭархарала, Нхыҵ-Кавказынтәи иҳацхраарц иаауаз ҳашьцәа рымҩа адмыркит, иара убас, уи аамҭазы Гагра араион аҭарцәразы имҩаԥысраны иҟаз ажәыларатә аоперациа дырманшәалеит.

Иахьа 24 шықәса шҵхьоугьы, ари ахҭыс ргәалашәараҿы наӡаӡа иаанхеит уи алахәцәа, избанзар, аӡәы игәы нзмырхацыз арԥарцәа, аӡәаӡәала иҭадырхар акәхеит ақырҭуа еибашьцәа.

Есышықәса, автобус аҭархара иалахәыз Бзыԥаа рҵеицәа, Мамзышьха аҳаракыраҟны иахьтәаз аҭыԥ иаҭаауеит, иргәаладыршәоит аибашьратә ԥышәара ихзыжьыз аоперациа.

"Гагра араион ахы иақәиҭхаанӡа, абаталионқәа ҳамаӡамызт, убри аҟнытә гәыԥ-гәыԥла ҳҽеиҩшаны ҳаҟан. 40-ҩык инарзынаԥшуаз аибашьцәа ҳаиднакылеит Бзыԥҭа аҳаблан Аҭыӡҭа аиланхарҭаҿы еиҿкааз агәыԥ, иара уигьы еихшаны, аҷаԥшьаразы идәықәырҵон Мамзышьхахь. Сара сызхыԥхьаӡалаз агәыԥ 16-ҩык аибашьцәа рыла ишьақәгылеит, командаҟаҵаҩсгьы дҳаман Вахтанг Еныкь", — еиҭеиҳәоит аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Платон Беиа.

Вахтанг Еныкь игәыԥ, цәыббрамза аҽеиҩшамҭаз, ҩаԥхьа аҷаԥшьаразы хымш ҳәа идәықәҵан Мамзышьхахь.

Аҩбатәи амш аҽны, аибашьцәа сааҭбжак иалагӡаны ирылдыршар акәхеит 50-ҩык инареиҳаны ақырҭуа еибашьцәа рҭархара.

Амедалқәа ранашьара. - Sputnik Аҧсны
38-ҩык Бзыԥҭатәи агәыԥ аибашьцәа иранашьоуп "Агәымшәаразы" амедалқәа

"Хымш ҳәа Мамзышьхаҟа ҳанырышьҭ, ауха инаркны шаанӡа ақәаршыҩ леиуан. Адырҩаҽны, ҳамаҭәа ҳарбоит ҳәа ҳаштәаз, ҩ-машьыналасык аҩада ихалеит. Аха дҵас иҳауит ҳхы дҳамрдырарц. Анаҩс аԥшыхәразы инеиз, ақалақь ахь игьежьит. Ахәылбыҽха, асааҭ 17 рзеиԥш, ҳшымгәыӷуаз автобус ЛАЗ аибашьцәа рыла иҭәны, ашьхарахь иаабжьалеит, иаразнакгьы зылаԥш иҵашәаз Анзор Ҳашыг уахь ҳхьаирԥшит. Ҳаргьы ҳҽеихшаны ҳаҟан, аладахь итәаз Виталии Лаврентии Алшәындаа дҵас ироуит ҳагәҭахьы иоурыжьырц. Автобус анҳабжьаҳк, ҳҩыза Александр Быџба, агранатаршәгала деихсит. Автобус иақәтәаз аӡәык-ҩыџьак знык-знык ахысра рылдыршеит, ҳгәыԥ иалаз Руслан Кокосқьериеи Адгәыр Кәҭарбеи рхәит. Уаҳа ааха ҳмоукәа, иҳамаз автоматқәа ԥшьбеи ашәарыцага шәақьқәеи рыла аӡәаӡәала ампыҵахалаҩцәа ҭаҳархеит", — раԥхьатәи иеибашьратә аоперациа игәалаиршәоит аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Руслан Дгебуаӡе.

Автобус иақәтәаз зегьы Бзыԥаа рҵеицәа ианҭадарха, иаразнак амца акит. Уи иҭаблит хыԥхьаӡара рацәала абџьари аџьаԥҳани.

"Аӷацәа рыла иҭәыз автобус, абџьари аџьаԥҳани рацәаны ишақәыз ҳдыруан. Аха уахь анеира шәарҭан. Убри аҟнытә акгьы ҳзымгакәа, зегьы иалабланы ицеит. Ари аоперациа ашьҭахь, иара уеизгьы имаҷны иҳамаз апатронқәа нҵәеит. Убри аҟнытә, лассы аҳаблахь ҳалбаар акәхеит", — иҳәоит аибашьра аветеран, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Анзор Ҳашыг.

Аибашьцәа ражәақәа рыла, аҳаблахь ианыласкьа, ирышьҭархх, автобус ахьҭархаз ихалеит аӷа игәылӡтәы техника. Абнара акәша-мыкәша хымцала иҵырблааит, аха ҳаибашьцәа рызҭадмырхеит.

Усҟан, ақырҭцәа рылаԥш иҵашәеит, аԥсуа еибашьҩы Руслан Кокосқьериа уи аҭыԥаҿы ицәынхаз ахылаԥарч. Ацәажәарақәагьы дәықәырҵеит аказакцәеи Нхыҵ-Кавказынтәи иааз аибашьцәеи Гагра иажәлоит ҳәа.

"Автобус иақәтәақәаз анҭаҳарха, Гагра ақалақь иалаз ақырҭцәа ашәара рызҵысит, ргәы каҳаит. Имҩаԥыргеит алахьеиқәҵаратә митингқәа. Убри акырӡа иҳахәеит, анаҩс, хара имгакәа имҩаԥгаз ажәыларатә аоперациаҟны", — иҳәоит аибашьра аветеран Витали Алшәындба.

Аибашьцәа аҳаблахь ианнеи, Бзыԥҭатәи ахырӷәӷәарҭатә цәаҳәа акомандаҟаҵаҩ Сергеи Дбар аџьшьара риҭеит. Иреиҳәеит, автобус аҭархара аҵак ду шамаз.

Жьҭаара раԥхьатәи амшқәа рзы, аԥсуа еибашьцәа рҽазыршәеит Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәыларатә аоперациа амҩаԥгара. Вахтанг Еныкь игәыԥгьы, Мамзышьхала ижәылеит.

"Аиашазы, Гагра араион аҭарцәразы имҩаԥгаз аоперациа ҳақәманшәалахеит. Хымԥада, ҳганахьалагьы, аԥсҭбарақәа ҟалеит, аха аибашьраҿы ҽакала ҟалашьа амам. Ари раԥхьатәи иааирахеит аԥсуа жәлар рзы", — рҳәоит аибашьцәа.

Гагра араион ахақәиҭтәра ашьҭахь, аибашьцәа ргәы шьҭыҵит. Араҟа ироуз аԥышәа ицхыраагӡатәхеит, Аԥсны аҭарцәразы, ԥхьаҟатәи ажәыларатә аоперациақәа рҟны.

Гагра араион аӷа даналцаха, ишьақәгыло иалагеит абаталионқәа. Усҟан, Бзыԥҭа аҳабла, Аҭыӡҭатәи агәыԥ еиднакылоз аибашьцәа ҩаԥхьа еихшахеит.

Аха дара, иахьа уажәраанӡагьы еиднакылоит, раԥхьатәи Мамзышьхатәи аибашьратә ԥышәара.

Автобус ҭазырхаз, Аҭыӡҭатәи агәыԥ иалақәаз иреиуан: акомандаҟаҵаҩ Вахтанг Еныкь, Сергеи Клименко, Оҭар Кокосқьериа, Иури Барцыц, Беслан Барцыц, Донник Анқәаб, Анзор Ҳашыг, Витали Алшәындба, Лавренти Алшәындба, Беслан Кокосқьериа, Руслан Кокосқьериа, Платон Беиа, Руслан Дгебуаӡе, Александр Быџба, Нури Мықәба, Адгәыр Кәҭарба.

Аибашьцәа ркомандаҟаҵаҩ, Вахтанг Еныкь дҭахеит хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараан. Ианашьоуп Леон иорден. Сергеи Клименко хәажәкыратәи ажәылараҿы иоуз ахәра иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Аибашьра ашьҭахь рыԥсҭазаара иалҵит Оҭар Кокосқьериеи Иури Барцыци.

Иахьа, зыԥсы ҭаны иҟоу, 12-ҩык раԥхьатәи аоперациа алахәцәа, наӡаӡа рыбла ихгылазаауеит, аԥсҭазаара изқәнаршәаз ахҭыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0