Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Аиқәшаҳаҭра ҿыц

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Иорданиатәи абизнес делегациеи реиԥылара.
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Иорданиатәи абизнес делегациеи реиԥылара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Иорданиатәи абизнес делегациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра азырхоуп атәылақәа рыбжьара аекономикатәи акультуратәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара.

АҞӘА, цәыббра 20 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Иорданиатәи абизнес делегациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Геннади Гагәлиеи Абаза ассоциациа ахаҭарнак Хассан Абаза Гечбеи цәыббра 19 рзы.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи Иорданиатәи абизнес делегациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра азырхоуп атәылақәа рыбжьара аекономикатәи акультуратәи еизыҟазаашьақәа рырҿиара.

"Хәышықәса раԥхьа Иорданиа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи ҳареи аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩит, аха Шьамтәылатәи аимак ианалага ашьҭахь абри аусура аанкылахеит. Уажәы аҭагылазаашьа акыр еиӷьуп, убри азы аиныррагьы еиҭахацҳаркуеит", — иҳәеит Гагәылиа.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны ААП аусурақәа шымҩаԥнаго Иорданиа Аԥсны рыларҵәаразы. Иара игәаанагарала уи атуристтә бизнес азы ихәарҭахар ауеит.

Хассан Абаза Гечба инаҵшьны иҳәеит уажә ҩынтәны Аԥсныҟа дшаауа.

"Сара ирацәаны Аԥсны аӡбахә саҳахьан саб иҟынтәи. Иара Иорданиа диит, аха Аԥсны абзиабара сабду иҟынтәи иман. Арахь санааи агәра згеит исзеиҭарҳәоз аасҭа ишыԥшӡараз", иҳәеит Хассан Абаза Гечба.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит Ассоциациа Иорданиа ишахаҭарнакым, Абазаа рҭаацәара шракәу изхаҭарнакцәоу, урҭ ирылшо зегьы шыҟарҵало аиқәшаҳаҭра иреиӷьу алҵшәақәа аанашьҭлараҵы.

Халед Хаммам, аҩнымаҭәатә наплакы ахатәтәҩы иҳәеит Аԥсны ибизнес ааиртыр шиҭаху. "Аԥсны анаплакҩы изы иџьанаҭуп", — иҳәеит иара.

Аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩ ашьҭахь Геннади Гагәылиа ҳамҭак аҳасабала Хассан Абаза Гечба ауапеи алабашьеи ииҭоит. Аиԥылара иара убасгьы иалахәын Иордано-кувеиттәи абанк Jordan Kuwait Bank азинтә бжьагаҩ Ибрагим Кашти аӡыргаҩ Линда Джанакати.

Ажәабжьқәа зегьы
0