АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Рауль Ҳаџьымба Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит аусбарҭа 25-шықәса ахыҵра амшныҳәа. Иазгәеиҭеит аусбарҭа аусура ишахьыԥшу Аԥсны атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара.
"Шәыпрофессионалтә ныҳәа аламҭалазы исҭахуп аколлектив ирыдысныҳәаларц рымшныҳәа. Саргьы аамҭак азы абри аколлектив сахәҭакын. Иаҳҭаху зегьы ишаҳҭаху иҟалом, аха агәра згоит иқәҳаргыло азҵаарақәа рыбжеиҳарак рыӡбра шҳалшо. Иахьазы Аԥсны абиуџьет аиҳара хазырҭәаауа шәара шәусура алҵшәақәа роуп", — иҳәеит Атәыла Ахада.
Иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳазалхратә еилакы ыҟоижьҭеи аусура рацәа шымҩаԥгоу.
Аныҳәамш аламҭалазы атәыла Ахада инапы аҵеиҩит аҳазалхратә маҵзура аусзуҩцәа адырга ҷыдақәа "Аҳазалхратә маҵзураҿы зҽалызкаази" "Ҳаҭыр зқәу аҳазалхратә маҵзуҩи" ранашьаразы Аусдҵа.