АҞӘА, жьҭаара 3– Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи игәалашәара мшы азгәарҭеит Очамчыратәи ауахәамаҟны. Ауахәама ргылан аԥшьа ихьӡала. Абри атәы Sputnik акорреспондент иеиҳәеит апостол ԥшьа Симон Кананити аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи рыхьӡ зху Афонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леван Адлеиба.
"Аԥсны иқәынхо, анцәа дхазҵо зегьы рзы ари амш крызҵазкуа мшуп. Избанзар Евстафи Аԥсилтәи аԥшьацәа ирхыԥхьаӡалоу аԥсыуа заҵәыкуп. Уи адагьы иара аԥсадгьыл зыхьчоз еибашьҩын. Данырытҟәа ашьҭахьгьы идин мап ацәимкит. Уи адагьы Иаҳхылаԥшхәу иҿаԥхьа Аԥсназы дматанеиуеит", — иҳәеит Адлеиба.
Леван Адлеиба иажәақәа рыла Очамчыратәи ауахәамаҟны имҩаԥгаз анцәаимҵаныҳәарахь инаган аԥсуа нцәахаҵаҩцәа Галгофа ирыԥшьаз апостол ԥшьа Симон Кананити аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи рхаҿсахьақәа.
Апостол ԥшьа Симон Кананити аԥшьа Евстафи Аԥсилтәи рыхьӡ зху Афонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Леван Адлеиба иазгәеиҭеит очамчыратәи ауахәамахь Иерусалим, Галгофа иԥшьаз Евстафи Аԥсилтәии Симон Кананити рхаҿсахьақәа ркьысразы ишааиз шәҩыла анцәа дхазҵоз.
Ахаҿсахьа Очамчыратәи ауахәамаҟны иҟазаауеит ҩымчыбжьа рыҩныҵҟа. Агәаҟра ду зхызгаз Евстафи Аԥсилтәи имш азгәарҭоит жьҭаара 3 рзы.
Евстафи Аԥсилтәи диит Иустиниан II ихаан. Иҭаацәа аӡы дӡаархит Цибла абаа ауахәамаҟны. Аԥшьа Евстафи Плакида иаҳаҭыразы Евстафи ихьыӡҵан.
Евстафи Аԥсилиа напхгара аиҭон VIII ашәышықәса алагамҭазы. 738 шықәса рзы, арабцәа Аԥсилиа ианақәла, Евстафи дрытҟәеит. Ҩышықәса дҭакны дрыман Месопотамиатәи ақалақь Харран аҟны. Ирҭахын идин ԥсахны аԥсылман дин идикылар, аха уи данырзақәмыршаҳаҭха арабцәа аԥсуа тҟәа дыршьуеит.
Евстафи Аԥсилтәи Аԥсны еиҳа инаҵшьны ҳаҭыр зқәу аԥшьацәа дреиуоуп, атәыла дахылаԥшыҩны дыԥхьаӡоуп.