Иҭахаз аибашьҩы Вахтанг Қаԥшь ихьӡынҩылоу ахаҳә шьақәыргылоуп

© Sputnik / Саида Жьиԥҳааибашьҩы Вахтанг Қаԥшь ихьӡынҩылоу ахаҳә шьақәыргылоуп
аибашьҩы Вахтанг Қаԥшь ихьӡынҩылоу ахаҳә шьақәыргылоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз Вахтанг Қаԥшь игәалашәара ахьӡала иуацәа ахаҳә шьақәдыргылеит.

ГАГРА, жьҭаарамза 4 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьҩы Вахтанг Қаԥшь игәалашәара ахьӡала иуацәа ахаҳә шьақәдыргылеит, аӷа ихымца иԥсҭазаара ахьҿахнаҵәаз, агәабзиара чаԥарҭатә центр аҵакыраҟны.

Вахтанг Қаԥшь данҭахоз 26 шықәса ракәын ихыҵуаз, иара диҭынхеит аԥҳа. Иара ихьӡынҩылоу агәалашәаратә баҟа ашьақәыргылара заԥшьгамҭоу иаҳәшьаԥа Анзор Еныкь иоуп.

"Ҳаншьа данҭахоз зынӡа дқәыԥшын, иҭынхазгьы аԥҳазаҵә лоуп. Ҳара иаҳуалны иаҳԥхьаӡеит, аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ҳаншьа ихьӡ акамыршәра. Вахтанг Қаԥшь дахьҭахаз аҭыԥ аҟны ахаҳә ашьақәыргылара ҳгәиҭеижьҭеи акрааҵуан. Аха уигьы аамҭак амазаарын. Иара Гагра араион ахақәиҭтәраан, ажәыларатә операциаҟны дҭахеит аҟнытә, абри аамҭазы, иуацәа иааибыҳәаны ивыршьааз иҩызцәа Славик Амԥари Феликс Цкуеи ирыхьӡынҩылоу ахаҳә авараҿы ишьақәҳаргылеит", — ҳәа азгәеиҭеит Анзор Еныкь.

Вахнаг Қаԥшь игәалашәаратә хаҳә анышьақәдыргылоз аҽны, аибашьҩы дыргәаладыршәарц иуацәеи иҭынхацәеи рнаҩс иааит ицеибашьуаз иҩызцәагьы.

"Гагра араион ахы иақәиҭхаанӡа, абаталионқәа ҳамаӡамызт, аибашьцәа гәыԥ-гәыԥла ҳҽеизганы ҳаибашьуан. Вахтанг Қаԥшь, сара напхгара зысҭоз агәыԥ дахыԥхьаӡалан. Згәы мшәоз, аӷа иҿаԥхьа ихьамҵоз иакәын. Гагра ҳаналала, Вахтанг диасит Григори Еныкь игәыԥ ахь. Жьҭаара 2 рзы, агәабзиара чаԥарҭатә центр ашҭа иҭалаз раԥхьатәи аибашьцәа дреиуан. Иара илиршеит, ахыбра аҩнуҵҟа аҩналарагьы. Аха араҟа, ақырҭуа ихымца дзацәымцеит", — иҳәеит, Вахтанг иашьа Михаил Қаԥшь.

Вахтанг Қаԥшь Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы, аԥсуа жәлар иргаз раԥхьатәи Аиааира аазгаз дреиуоуп. Аибашьҩы ихьӡ наӡаӡа аҭоурых иазынхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0