Гагра иазгәарҭеит араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 24 шықәса аҵра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра иазгәарҭеит араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 24 шықәса аҵра
Гагра иазгәарҭеит араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 24 шықәса аҵра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 6 рзы Гагра иазгәарҭеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан игаз раԥхьатәи Аиааира.

ГАГРА, жьҭаарамза 6 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Жьҭаара 6 1992 шықәсазы, аԥсуа еибашьцәа ахы иақәиҭыртәит Гагра араион. Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәарц, Ахьӡ-аԥша амемориалтә комплекс аҟны имҩаԥган ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа. Уи рхы аладырхәит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, атәыла анапхгара, Гагра араион ахадара, Нхыҵ-Кавказтәи аделегациақәа, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагра иазгәарҭеит араион ахы ақәиҭтәра амш
Гагра иазгәарҭеит араион ахы ақәиҭтәра амш - Sputnik Аҧсны
Гагра иазгәарҭеит араион ахы ақәиҭтәра амш

"Ҳаҭыр зқәу Гаграа, ишәыдысныҳәалоит араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 24 шықәса аҵра. Ари арыцхә наунагӡа Аԥсны аҭоурых аҟны аҭыԥ ҷыда ылнахит. Гагратәи Аиааира ираԥхьатәиин Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы, иара уи шьаҭасгьы иаиуит Аиааира ду. Агәра згоит, ҳаибашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи ажәлар ишырхамшҭуа", — иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

Аибашьра аналага аҩбатәи амш аҽны, ԥхынгәы 15 рзы, Ԥоҭиынтә Гаграҟа идәықәлеит амшынтә десант. 13 сааҭ рзеиԥш, дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Араҟа аԥсуа еибашьцәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа асасааирҭа "Украина" ахь ихьаҵыр акәхеит.

Гагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аҿар аибашьра аинвалидцәа ирҭааит

Аӷа уи ихы иархәаны, Гагра инапахьы иааигеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан. Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҵаҟа иҟан 48 мши ҵхи.

Аинрал Сергеи Дбар аус здиулаз аплан инақәыршәаны, жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа, аԥсуа еибашьцәа Гагра араион аҭарцәразы ажәыларатә аоперациа нап адаркит.

Жьҭаара 6, ашьыжь асааҭ 6.40 рзеиԥш, Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ Ԥсоу аҳәаа иахашәыршәыруан.

"Гагра ҭаҳмарцәызҭгьы, Аиааира дугьы зыҟаломызт. Аԥсуа еибашьцәа рымч еибыҭаны, ҳәоуеиқәшәала, сааҭқәак ирылагӡаны ирылдыршеит аӷа иалцара. Убри алагьы иаҳгеит раԥхьатәи, ҳгәы шьҭызхаз, ҳшьамхы зырӷәӷәаз Аиааира", — рҳәоит Гагра араион ахақәиҭтәра иалахәыз аибашьцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0