Владислав Арӡынба ибаҟа аадыртит Гагра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВладислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра
Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аадыртит Гагра.

ГАГРА, жьҭаарамза 6 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Жьҭаара 6 рзы, Гагра араион ахақәиҭтәра 24 шықәса ахыҵра аҽны, ақалақь аҟны иаартын Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа. Уи шьақәыргылоуп Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аҵеицәа ирыхьӡынҩылоу амемориалтә комплекс аханы.

Ҵыԥхтәи ашықәс азы ари аҭыԥ аҟны ишьҭаҵан Владислав Арӡынба игәалашәаратә хаҳә. Усҟан араион Анапхгареи адепутатцәеи рыла ишьақәгылаз акомиссиа иазырыӡбеит, ари аҭыԥ аҿы ишыргылахо абаҟа.

2016 шықәса алагамҭаз, уи анагӡара нап аркын.

Гагра иазгәарҭеит араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 24 шықәса аҵра - Sputnik Аҧсны
Гагра иазгәарҭеит араион ахы иақәиҭтәуижьҭеи 24 шықәса аҵра

Абаҟа авторцәас иамоуп аскульпторцәа Руслан Габлиеи Амиран Адлеибеи.

Владислав Арӡынба ибаҟа аартра аофициалтә церемониа иаҭааит иуацәеи иҭынхацәеи иҩызцәеи атәыла анапхгареи, Гагра араион ахадареи, аибашьра аветеранцәеи, Анацәа Рхеилак ахаҭарнакцәеи, Нхыҵ-Кавказтәи аделегациақәа, анаплакқәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәеи ашколхәыҷқәеи астудентцәеи, ауаажәларреи.

Абаҟа аартра инамаданы, ашҭа иҭагалан абираҟ.

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра рнапы ианҵан, Аԥсны Афырхаҵа Рудольф Алшәындбеи Гагратәи ашколхәыҷқәеи.

Анаҩс имҩаԥган агәалашәаратә митинг. Араҟа ажәахәқәа ҟарҵеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбеи атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымбеи.

"Ҳара Владислав Арӡынба ибаҟа аартра ҷыдала иахьатәи амш иақәҳаршәеит. Избанзар, жьҭаара 2 1992 шықәсазы ҳиааира ду раԥхьатәи ашьаҿақәа еихнагеит. Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 108-ҩык аибашьцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааны иҳавагыланы еибашьуазгьы. Хашҭра рықәым Аиааира ҳзаазгаз аҵеицәа Владислав Арӡынба драԥхьагыланы", — иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВладислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра
Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра - Sputnik Аҧсны
Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра

Анаҩс еизаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит Аԥсны зхы ақәызҵаз аҵеицәеи, ар рԥыза Владислав Арӡынбеи.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иқәгылараҟны иазгәеиҭеит агәахәара ду шинаҭаз аҩ-хҭыск арылахәра, Гагра араион ахақәиҭтәра амши, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада ибаҟа аартреи.

"Ари амш аҵаки амҽхаки дууп. Владислав Арӡынба ихшыҩи идырреи иполитикатә мчи хадара руит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿи уи ашьҭахьи. Сгәы иаанагоит абри иԥшьоу аҭыԥ аҟны, Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра ажәлар иҵегь доуҳала еиднакылап ҳәа", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Владислав Арӡынба ибаҟа аартра инамаданы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Русҭан Канџьариа инаигӡеит аҳәанҭқарра раԥхьатәи Ахада изкыз ашәа.

Абиуст авторцәа хықәкы хадас ирыман, зегьы еицырдыруа Владислав Арӡынба иԥшра мацара акәымкәа, иуаҩшьеи игәаӷьреи аарԥшра, уи дара иагьрылшеит.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаВладислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра
Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра - Sputnik Аҧсны
Владислав Григори-иԥа Арӡынба ибаҟа аартра

Руслан Габлиа иҳәахьан, абиустқәа анышьақәдыргыло ианакузаалак анапқәа шадмырбо, аха дара ирҭаххеит Владислав Арӡынба иполитикатә ҩаӡареи иӷәӷәареи аарԥшызарц. Убри инамаданы, иҩнапык адырбеит. Акаҟны икуп ақьаад егьи аҟны ираҵәоуп иҭаҷкәым.

Ахьӡ-аԥша амемориалтә комплекс ақалақьуаа рзы иԥшьоу ҭыԥхеит. Уажәшьҭа уи харҭәаахеит, Аиааира иасимволхаз, Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟа ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0