Нанба: аказначеитә усбарҭа абуиџьет зегьы иахылаԥшуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба
Аказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҿыцны еиҿкаау Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистрра иатәу аказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба дазааҭгылоит уи аусушьа атәы.

Sputnik, Нонна Ҭхәазԥҳа

Иҿыцны еиҿкаау Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистрра иатәу аказначеитә усбарҭа хықәкы хадас иамоуп аҳәынҭқарратә финанстә ресурсқәа зегьы иаку ахыԥхьаӡаларҭаҿы реизгара. Иара аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рзы акрызҵазкуа х-ҵакык нанагӡоит: раԥхьа игылоуп аҳәынҭқарратә касса, аҩбатәи – аҳасбеилыргара, ахԥатәи —  агәаҭара, ахылаԥшра. Абарҭ ахықәкқәа реиҿкааразы аказначеитә усбарҭа инанагӡоит аоперациақәа. Зегь раԥхьа ахашәалахәы азгәанаҭоит.

Ареспубликатәи аҭыԥантәи абиуџьетқәа рыбжьара аихшара мҩаԥнагоит. Анаҩс ахашәала аҳасабрба ахарџь аҟаҵара азин анаҭоит. Аҳәынҭқарратә казначеитә усбарҭа рхылаԥшуеит абиуџьет ахашәалахәгьы ахарџьқәагьы. Урҭ аус рыдулараоуп зегь раасҭа ихадароу аказначеитә усбарҭаҿы. Аҳәынҭқарратә хашәалахәы злашьақәгылоу ашәахтәқәеи аҳазлхратә еизгарақәеи ихымԥадатәиу ашәахтәқәеи егьырҭ ахашәалахәқәеи зегьы ргәаҭара, реихшара уалны ирымоуп аказначеитә усбарҭа аусзҩцәа.

"Ахарџьқәа хазы урзааҭгылозар, урҭ ирхылаԥшуеит хықәкыла изызку аганахьала инырхларц азы. Уаҟа доусы ишиҭаху, иахьиҭаху ахырхарҭа рызрыҭаӡом ахарџьқәа. Уи зегьы аказначеитә усбарҭа иҳәаақәнаҵоит. Аусбарҭақәа русзуҩцәагьы азҿлымҳара рыманы аҭакԥхықәра ҳаракы ирыду еилкааны рԥышәа еиҳа-еиҳа иҳараркуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Аамҭа кьаҿк иалагӡаны аказначеитә усбарҭа аусзуҩцәа ирылшеит аҳәынҭқарратә биуџьет аказначеитә система ала анагӡара. Аха ари асистема злаҿыцу ала ауадаҩрақәа маҷымкәа иацуп. Амала аказначеитә усбарҭа аусзуҩцәа ирласны уи зыхҟьаз еилкааны, азакәан шьаҭа аҭаны, еиуеиԥышм аусбарҭақәа адгаланы урҭ зегьы рыӡбоит.  

Зегь раԥхьа иргылан маҷк ихьанҭан аказначеитә системахь имиасыр ада ԥсыхәа змамыз аҳасабеилыргарҭақәа русзуҩцәа аус рыдулара. Избанзар уаанӡа аус шыруази, уажәтәи русушьеи аивгарақәа рымоуп. Аха уаҟагьы маҷ-маҷ амҩа иқәырҵеит аказначеитә усбарҭа ахылаԥшцәа.

Аказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба иҿцәажәара шәаԥхьар ҟалоит абра

Аказначеитә усбарҭа Аԥсны абиуџьеттә система иахылаԥшуеит, аха макьана уи иаҵанакуа ахырхарҭақәа зегьы ирхылаԥшуа изышьақәымгылаӡацт. Избанзар ахылаԥшраҿы ҩ-шьаҿак иҟоуп. Ихадароу нас анаҩсан уи иадҳәалоу ашьаҿақәа. Ихадароу иахылаԥшуа ишьақәдыргылахьеит, уи иацааиуа анаҩстәи ашьаҿақәа рхылаԥшра ашьақәыргылара иаҿуп.

Аказначеитә усбарҭа зегь раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарратә финанстә ресурсқәа зегьы ҭыԥк – хыԥхьаӡаларҭак аҿы еизнагоит. Убри ала аҳәынҭқарратә биуџьет иҭалази, иныҵзи, иаанхази зегьы аконтроль рызнауеит. Абасала аказначеитә усбарҭа абуиџьет зегьы иахылаԥшуеит, уи аҳәынҭқарразы даара иманшәалоу хырхарҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0