Ильбер Ортаилы: сара аԥсуаа иреиуоу аҩызцәа бзиақәа сымоуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаСҭампыл иҟоу Галатасараитәи ауниверситет арҵаҩы Ильбер Ортаилы
Сҭампыл иҟоу Галатасараитәи ауниверситет арҵаҩы Ильбер Ортаилы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҭ амшқәа рзы Аԥсны даан дыҟоуп Ҭырқәтәылатәи Аҳәынҭқарраҿы зыхьӡ нагоу ауаҩы, апрофессор, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, аамҭаказы амузеи "Топ-Капы" адиректорс аус зуаз, иахьа аҭҵаарадырра знапы алаку, Сҭампыл иҟоу Галатасараитәи ауниверситет арҵаҩы Ильбер Ортаилы.

АҞӘА, жьҭаара 11 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Ильбер Ортаилы Ҭырқәтәылеиԥш акыр ахыԥша имоуп Европатәи атәылақәа рҟны. Уи иажәа акрыԥхылнадоит, ихыԥша ӷәӷәоуп. Иара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааит. 

"Сара ҭоурыхла ибзианы издыруеит аԥсуаа адунеитә аренаҿы ҭыԥс иааныркыло. Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспора аҟынтә иҟоуп аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны аус зуа, аҵара змоу, еиуеиԥш ахырхарҭақәа рыла аус зуа ауаа. Урҭ иџьашьахәу акультура рымоуп. Аԥсуаа рҭеиҭыԥш ала изланхо атәым милаҭ ирылукаартә иҟоуп, аӡәгьы илаҩашьом. Сара аԥсуаа иреиуоу аҩызцәа бзиақәа сымоуп", — иҳәеит Ильбер Ортаилы. 

Ильбер Ортаилы, Пушкин ихьӡ зху апремиа далауреатуп, иара убас атәым ҳәынҭқаррақәа иртәу амедалқәеи аорденқәе рацәаны ианашьоуп. Урҭ зегьы пату шизақәугьы, иара ирыликаауеит ҳамҭак.

"Сара сзы Пушкин еиҳау уаҩ дыҟамзар ҟалап. Уи адунеитә литература даклассикуп. Акыр шықәса аус зуан Москва, Ломоносов ихьӡ зху иреиҳау аҵараиурҭаҿы. Сара сзы насыԥк иаҩызоуп Пушкин ихьӡ зху апремиа ахьсанашьоу", — ҳәа азгәеиҭоит Ортаилы.

Ҭырқәтәыло инхо аԥсуаа рхатәы бызшәа аиқәырхара зларылшо мҩа заҵәык ибоит аҭырқәа профессор.

"Зегь раԥхьа иргыланы аҭаацәараҿы аԥсышәала ицәажәозароуп. Иарбан школзаалак, ахәыҷы аҷҷаҳәа ихатәы бызшәала дцәажәартә дзыҟанаҵом, аҩнаҭаҿы ианимаҳа. Уи цәажәагатә, усуратә бызшәаны изыҟалароуп. Ари азҵаараҟны ахадаратә ҭыԥ ааныркылоит ахәыҷы иани иандуи", — иҳәеит апрофессор. 

Апрофессор Аԥсныҟа иаара ахә ҳаркны иршьоит иара дыздыруа ауаа.

"Ильбер Ортаилы Аԥсныҟа иаара аҭоурыхтә ҵакы амоуп. Уи даараӡа ахьӡ-аԥша змоу уаҩуп. Иҟаиҵо ииуа, ишьаҿа акыр иацклаԥшуеит, Ҭырқәтәылеиԥш уи анҭыҵгьы ҳаҭыр ду ақәуп. Аиаша шәасҳәоит, Ҭырқәтәыла Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵаз аҟара, иаара пату ақәуп", — ҳәа азгәеиҭоит Оқҭаи Ҷкотуа.

Ильбер Ортаилы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа ицааит Аԥсуа федерациа ахаҭарнакцәа, ҳџьынџьуаа. Урҭ мчыбжьык иназынаԥшуа Аԥсны иҟазаауеит. 

Ажәабжьқәа зегьы
0